АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жәабран.2024

Азербаиџьан атәылауаҩ Логман Алиев 15 шықәса аҭакра иқәҵоуп.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Азербаиџьан атәылауаҩ Логман Алиев иганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 223 ахәҭа 3 апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура азы ихацыркыз ашьаусеилыргара иахаԥшит. 

Заанаҵтәи аусеилыргара ишышьақәнаргылаз ала, уи азы идырым хаҿыки иареи заанаҵтәи реиҿцәажәарала Аԥсны аҵакыраҿы «метадон» ҳәа изышьҭоу  анаркотикатә маҭәашьар амаӡа-ҭыԥқәа рҿы аҭиразы ишьҭаиҵон. Логман Алиев иаанкылараан идырбалеит иагьимырхит ззеиԥш капан 196,486 грамм рҟынӡа инаӡоз анаркотикатә маҭәашьар – метадон. Уи хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа алаирҵәон ҳәа ауп иаанаго.

Жабранамза 14 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа  Логман Алиев хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа алаирҵәон ҳәа ахара идҵаны ахьырхәра аҳасабала ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы 15 шықәса ҭакрала ахгара иқәҵараз азыӡба аднакылеит. 

Азербаиџьан атәылауаҩ иара убасгьы аҳәынҭқарра ахашәалахәы ахь  ишәароуп 800 нызқь мааҭ ахараԥса.

 


Read 215 times - Аԥшьаша, 15 Жәабран 2024 14:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.