АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жәабран.2024

Акультура Аминистрра аҿы Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра иацәынхаз асахьақәа реиҭашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Жаабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 21 ауха Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы иҟалаз абылра иацәынхаз Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа рҟынтәи асахьақәа реиҭашьақәыргылара азҵаарақәа ирызкын аамҭала Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыри арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәеи реиԥылара. 

Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректор Сурам Сақаниа, асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгла алахәыла, ААУ аҟазара афакультет адекан Ныгәзар Логәуа.  

Акультура Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Динара Смыр  Аминистрреи Урыстәылатәи рколлегацәеи иааиԥмырҟьаӡакәа аимадара шрыбжьоу атәы еиҭалҳәеит.

«Урыстәылатәи аспециалистцәеи ҳареи иааиԥмырҟьаӡакәа аимадара ҳабжьоуп. Ари азҵаараҿы аилибакаареи аидгылареи ҳабжьоуп. Аспециалистцәа ареставрациатә хҳәааи афизика-техникатә анализи ҟарҵеит, уи ашьҭахь ареставрациатә усурақәа ирылагар алшоит.  Хара имгакәа Пушкин имҩала игылоу Амилаҭтә сахьатә галереиа ахыбра аҩбатәи аихагыла аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит. Уаҟа ишьҭаҵахоит абылра иацәынхаз асахьақәа», - ҳәа илҳәеит Динара Смыр.

Пушкин имҩала игылоу ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа аҿы ишьақәырӷәӷәоуп.

Динара Смыр иара убас  Урыстәылатәи рколлегацәа Амилаҭтә сахьатә галереиа апрофессионалтә реставрациатә арлашара акомплекс ҳамҭас иарҭараны иҟоуп ҳәа адырра ҟалҵеит.

Лара ас еиԥш иҟоу, ҳаамҭа иақәшәо амаруга Урыстәыла амузеи дуқәа зегьы рҿы ахархәара аиуоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит

Ахәҭакахьала, Сурам Сақаниа, уажәазы аелектронтә аизакхьӡынҵа ашьақәыргылара мҩаԥысуеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.  

«Ҳара ахҩылаанҵа ҟаҳҵоит, аусшәҟәқәа ҳаԥшаауеит, еиуеиԥшым апубликациақәа ҭаҳҵаауеит. Абри зегьы иарбоу азҵаараҿы ихымԥадатәиуп», – ҳәа иҳәеит иара.  

Ныгәзар Логәуа абылра иацәынхаз асахьақәа рпаспортқәа раԥҵареи, иара убас асахьақәа анаҩстәи ррепродукциа азы ихыблааз асахьақәа аус рыдулара алагареи рзы ажәалагала ҟаиҵеит.


Read 121 times - Аԥшьаша, 15 Жәабран 2024 14:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.