АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жәабран.2024

2024 шықәсазы автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» аҿы аргылара-рҽеиратә усурақәа ирылагоит.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Афедералтә ҳәынҭқарратә казентә Усбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» (ФГКУ Росгранстрои) анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ  Алеқсандр Ерохин Аусбарҭа шәачатәи аҿга аколлектив дырԥылеит. Краснодартәи атәылаҿацә ахь аусуратә маҵураныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Александр Ерохин  Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы иҟоу автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» аҿы даҭааны Аусбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» шәачатәи аҿга аколлектив дырԥылеит. Ари аҿга анапхгараҭара иаҵанакуеит  15 аушьҭра-гәаҭаратә пунктқәа.  

Аусбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла,  аилацәажәара атема хаданы иҟалеит Краснодартәи атәылаҿацә аҳәаа иаԥну аинфраструктура аҿиара. Ҳазҭоу ашықс азы Урыстәыла иахьаҵанакуа иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥқәа зегь раасҭа атранспорти ауааи зхысуа ҭыԥны иԥхьаӡоу, убри азы зеиҭарҿыцра хымԥадатәны иҟоу автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» аҿы аргылара-еиқәыршәаратә усурақәа ирылагоит.

Аиҭашьақәыргыларақәа рышьҭахь аусура иалагоит 28 цәаҳәа. Атранспорт аушьҭразы алшарақәа 9,5 рыла еиҳахоит (уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала 1,5 нызқь инадыркны 14,13 нызқь рҟынӡа), ауаа роушьҭразы алшарақәагьы 3 рыла еиҳахоит (уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала 28 нызқь инадыркны 80,5 нызқь рҟынӡа).

Иара убасгьы иалагалахоит агәаҭара аиҿкаараз атехнологиа ҿыцқәа, уи иалнаршоит аамҭак ала шәкы рҟынӡа транспорттә хархәагақәа - амашьына ласқәа, аидарамҩангагатә машьынақәа, автобусқәа, автобус маҷқәа рышәҟәҭагалара.

Уажәы апроекттә қьаадқәа аус адырулоит, анаҩс, Афедералтә Автономтә Усбарҭа «Урыстәыла аҳәынҭқарратә експертиза азы Аусбарҭа Хада» аҟынтәи ақәыршаҳаҭратә лкаа анаашьҭхалак ашьҭахь аужьҭырҭатә ҭыԥ аҟны аргыларатә усурақәа ирылагоит.

Зыԥшра ҟамҵакәа иҟаҵатәу аусқәа рахь иаҵанакуеит иара убас амшынтә аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа «Кавказ», «Ҭҟәапс», аихамҩатә аушьҭратә ҭыԥ «Адлер». Иазԥхьагәаҭоуп иара убас – аинфраструктура  арҿиареи ауааԥсыра рзы еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи.


Read 149 times - Ахаша, 14 Жәабран 2024 21:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.