АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жәабран.2024

Адепутат Рашида Аиба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд 2024 шықәсазы абиуџьет дахцәажәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Рашида Аиба   жәабранмза 7 рзы Апарламент аҿы ишьақәырӷәӷәаз  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд  2024 шықәсазы абиуџьет дахцәажәеит.

«2024 шықәсазы Афонд абиуџьет адкылара инамаданы атәылауаа хымԥада ахшыҩзышьҭра арҭароуп ҳәа исыԥхьаӡоит ҳара ҳаилак аганахьала зусура ҷыдала ахылаԥшра змоу  абиуџьетнҭыҵтәи афондқәак ирыдҳәалоу аҭагылазаашьа. Раԥхьаӡа иргыланы, уи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи ацхыраара рыҭара ауп. Ҳара Афонд ала  Аилак ахь зыдгалара мҩаԥгаз  2024 шықәсазы абиуџьет апроект ахшыҩзышьҭра ду аҭаны иҭаҳҵааит.  Аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны азҵаарақәа жәпакы цәырҵит. Аинвалидцәа Рфонд иаҭахо ацхыраара  аеффективра аизырҳара иазкны аиҭакрақәеи ацҵақәеи реихшанҵа еиқәыршәан. Аобиективтә мзысқәа ирыхҟьаны Афонд абиуџьет апроект аиҭакрақәа ралагалара иазку аусура иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭанӡа изхыркәшамхаӡеит», – ҳәа илҳәеит Рашида Аиба.

Аинвалидцәа Рфонд абиуџьет жәабранмзазы ишрыдыркылазгьы, Афонд алшара аман закәанла, 2023 шықәсазы абиуџьет апараметрқәа инарықәыршәаны ахыдҵақәа рынагӡара.   

«Ихадоу арбагақәа ҳара иҳамԥсахӡеит, аха аныхтәқәа рзы ахәҭаҷқәак маҷк аиҭакрақәа рылагалан. Иара Афонд ахаҭа аныҟәгаразы аԥаратә хархәагақәа рагырхареи 2023 шықәсазы Афонд абиуџьет ацәынхатә хархәагақәа  реиҭеизшареи аҳасабала, ҳара иназыцҵоу   5 млн. мааҭ рцәыргареи урҭ ахапыцпротезҟаҵара ахь рдәықәҵареи ҳалшеит», - ҳәа илҳәеит лара.

Раԥхьа излацәажәоз 17,5 млн. мааҭ акәызҭгьы, иалагалаз аиҭакрақәеи арҽеирақәеи ирыбзоураны ари ахарџьқәа рыстатиа 23 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

«Убас ала ҳара  арзаҳал алазҵаз доусы изы иаԥхьагәаҭоу аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ  100 нызықь мааҭ рҟынтәи 150 нызықь мааҭ рҟынӡа ишьҭаҳхит. Ас еиԥш аӡбамҭа адкылара иҳаҩсыз ашықәсқәа иаҳнаҭаз аԥышәа иадҳәалоуп. Усҟан ари апрограмма иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа амзартә шықәса ахыркәшара хымзҟа шагыз инҵәон, убри аҟнытә иаларҵоз азыҳәаҭақәа рӷьырак нагӡамкәа иаанхон», – ҳәа иазгәалҭеит апарламенттә Еилакы ахантәаҩы.

Апрофилтә парламенттә Еилакы иара убас Афонд ахь абжьгарақәа ҟанаҵеит Афонд азы аҩныҵҟатәи аԥҟара иахәҭоу аиҭакрақәа алагалазарц азы.    Уи инақәыршәаны, адепутат Рашида Аиба лажәақәа рыла, «арзаҳал алазҵаз изыҳәамҭа ақәыршаҳаҭра анаиулак ашьҭахь, ихәышәтәра аамҭеи аетапреи ирыдҳәаламкәа, изоужьхо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ алимит зегьы ихы аирхәартә иҟалоит».

___

1992-1993 шш. Аԥсны  жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд 2024 шықәсазы ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи 224 млн. 696,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.

1992-1993 шш. Аԥсны  жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд 2024 шықәсазы аныхтәқәа реизшашьа абасла ишьақәгылоит:

- Афонд Аппарат, иара убас  Афонд араионтә хаҭарнакрақәа фба рныҟәгара азы  – 25,696 млн. мааҭ,  

- аинвалидцәа рыхәшәтәра – 54 млн. мааҭ,  

- ампутациа зызу амаха-шьахеи аблақәеи  рыпротезҟаҵара – 2,5 млн. мааҭ,

- асанатор-зҩыдатәратә комплексқәа рҿы аҽыхәышәтәра (Аԥсны анҭыҵгьы уахь иналаҵаны) – 16 млн. мааҭ,

- ахәшәқәа раахәара – 74 млн. мааҭ,  

- иҷыдоу аиқәыршәагақәеи атехникатә реабилитациа ахархәагақәеи раахәара – 4 млн. мааҭ.  

- ахаԥыцхәышәтәратә маҵзурақәа (ахаԥыцқәа рыпротезҟаҵара) – 22,9 млн. мааҭ,

- аинвалидцәа асоциалтә цхыраара рыҭара – 23 млн. мааҭ,

- Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агареи Аԥсны Ахьыԥшымреи Рымш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рзы  – 3 млн. мааҭ.  руб.

 


Read 220 times - Ахаша, 14 Жәабран 2024 23:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.