АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Лаҵара.2022

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР МОСКВАҞА АУСУРАТӘ ВИЗИТЛА ДЦЕИТ.

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2022 шықәса. Аԥныпресс.  Аԥсны ААР Инал Арӡынба усуратә ныҟәарыла аиҿцәажәарақәа рзы Москваҟа дцеит.

Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь аҟны иазгәаҭоуп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы, Аҳәынҭқарратә Дума аҿы аиԥыларақәа.

Иазԥхьагәаҭоуп аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи еинырразы актуалтә зҵаарақәа жәпакы рылацәажәара, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.                             .


Read 1099 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.