Ари амш Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго зегьы рзы аҵак ду амоуп, избан акәзар Симон Канттәи араҟа ҳера 1 ашәышықәса азы ақьырсаинра алаирҵәон, араҟа иҟоуп уи ибаҩ-ашаҩ.
Ицқьоу Ацҳаражәҳәаҩ ихьӡала Афон Ҿыц уи иԥсыжырҭа аҭыԥ аҿы игылоуп IХ-Х рзы идыргылаз аныхабаа.
Ари амш аҽны ақьырсиан дин ныҟәызго Ԥсырӡха аԥсҭа игылоу Симон Канттәи ихьӡ зху ари аныхабаа ахь инеиуеит. Уи макьана аус ауӡом, араҟа ареставрациатә усурақәа мҩаԥысуеит. Ақьырсианцәа араҟа ацәашьқәа дыркуеит, иара убас Симон Канттәи дахьынхоз аҳаԥы аҿгьы ацәашьқәа адыркуеит, Анцәа иашьапкуеит.
XIX ашәышықәса анҵәамҭазы, Симон Канттәи иҳаԥы аҿы Афонҿыцтәи аберҭыԥ аберуаа ацаҟьа иалԥҟааны иҟарҵеит аҳаԥы аҭаларҭа, ахаҳә иалху амардуан, амозаикала иқәҵоу Иаса Қьырса, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа, иара Симон Канттәи ихаҭа рхаҿсахьақәа зну аныхачаԥақәа.
Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи (Зилота) Имш – Афонҿыцтәи аберҭыԥ аныҳәа ауп, уи Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама ихадоу аныҳәақәа иреиуоуп.