АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2023

Аминистрцәа Реилазаара Аԥсни Шьамтәылеи ркультура Аминистрақәа рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра азы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгареи анапаҵыҩреи иақәшаҳаҭхеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи ркультура Аминистрақәа рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра азы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгареи анапаҵыҩреи иақәшаҳаҭхеит. 

Аиқәшаҳаҭра ахықәкы хаданы иҟоуп – аҩ-тәылак рмилаҭтә закәанԥҵарақәеи ирыбжьоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи инарықәыршәаны аҟазареи акультуреи русхкқәа зегьы рҿы аҩганктәи аусеицура  аҿиареи аҳәаақәа рырҭбаареи.

Аганқәа агастрольқәа рымҩаԥгара, апроектқәеи  апрофессионалтә коллективқәа рконцерттә программақәеи реицынагӡара, амузыкатә усбарҭақәа  рыбжьара аимадара абжьаҵара, анагӡаҩцәа, амузыкатә коллективқәеи аспециалистцәеи рыла аимадара ашьақәыргылара, акультура Амчыбжьқәеи Амшқәеи, иара убас Аԥсни Шьамтәылеи рыжәларқәа  рҿы акыр зҵазкуа ахҭысқәа ирызку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара.


Read 248 times - Ашәахьа, 01 Ажьырныҳәа 2024 17:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.