АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2023

Актәи, аҩбатәи, ахԥатәи ахәыҷы ииразы аҳәынҭқарра аҭаацәа ирзыршәалоит 100 нызықь мааҭ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара анапхгарабжьаратәи ахықәкытә программа «2024 шықәсазы адемографиа аҿиара» аиҭакрақәа аланагалеит.  

Убас, Аԥсны инхо аҭаацәара аԥсуа милаҭ иеиуоу актәи, аҩбатәи, ахԥатәи ахәыҷы ииразы зныктәи аԥарашәара рзыҟаҵара 100 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит;  аԥшьбатәии ишьҭанеиуеи ахәыҷқәа рзы – 200 нызықь мааҭ.

2023 шықәсазы аҩбатәи ахәыҷы ииразы иршәон 50 нызықь мааҭ, ахԥатәи ахәыҷы изы – 100 нызықь мааҭ, аԥшьбатәии ишьҭанеиуеи ахәыҷқәа рзы – 200 нызықь мааҭ.

Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра адҵоуп Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра.


Read 249 times - Ашәахьа, 01 Ажьырныҳәа 2024 16:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.