АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2023

Аминистрцәа Реилазаара аҿы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рузуҩцәа ибжьаратәу руалафахәқәа ахықәкытә ҵакқәа шьақәырӷәӷәан.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара нанҳәамза 4, 2022 шықәсазы ирыдыркылаз  2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз апрограмма анагӡаразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа рылагаларазы Аҳәынҭқарра Ахада  ажәадгала идгалазарц азы Ақәҵара рыдыркылеит.

Убас: Аԥкаанҵа иазыԥхьагәанаҭоит 2024 шықәсазы аҳәынҭусбарҭақәа хаз иго ркатегориақәак русзуҩцәа рхыԥхьаӡара ашьақәырӷәӷәара, иара убас урҭ рулафахәы ашьҭыхра.

Аиҭакрақәа ирыҵаркуеит агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә маҵзура русхк аҟны аус зуа аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәа рулафахәы ашьҭыхра:

- азеиԥш ҵараусбарҭақәа рырҵаҩцәа - 29 671 мааҭ;

- ашколқәранӡатәи аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа- 26 669 маат,

ахәыҷқәа рҵаразы иназацҵоу аҵҟараусбарҭа аусзуҩцәа - 29 172,

абжьаратә ҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа- 29 641 мааҭ,

иреиҳау аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа- 54 835 мааҭ,

аҵарауаа- 58 315 мааҭ,

аҳақьымцәа- 52 915 мааҭ,

ибжьаратәу амедусзуҩцәа- 29 378 мааҭ.

Прочитано 370 раз. Последнее изменение 29.12.2023.

 

 


Read 335 times - Ашәахьа, 01 Ажьырныҳәа 2024 17:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.