АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ԥхынҷкәын.2023

Беслан Ешба ахәыҷқәа-аиаҭымцәа иааиуа Ашықәс Ҿыц аныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы ақалақь ахада Беслан Ешба ахәыҷқәа-аиаҭымцәа дырԥылеит.

Иҩычаз аԥсаҵла аԥхьа, ақалақь Ахадара адкыларҭа аҟны ақалақь ахада бзиала шәаабеит ҳәа ахәыҷқәа-аиаҭымцәеи урҭ рабикунцәеи аныҳәа рыдиныҳәалац, аҳамҭақәа риҭарц рзы дырԥылеит.

«Аҳҭнықалақь Ахадареи хаҭала сара сыхьӡалеи иааиуа Ашықәс Ҿыц шәыдысныҳәаларц сҭахуп, иааиуа шықәс ҿыц ишәзаанагааит агәырӷьара, агәабзиара, аҿиара, ашкол аҿы шәҵара ақәҿиарақәа ацзааит, уи шәара ҳәарада шәыԥсҭазаараҿы ишәыцхраауеит. Ҳара есымша адгылареи ацхыраареи шәаҳҭалоит», - ҳәа иҳәеит ақалақь ахада.

Асасцәа хәыҷқәа, ироуз ахшыҩзышьҭра аҟынтәи маҷк иԥхашьа-ԥхаҵо ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, еизазгьы урҭ дырҽхәеит, рнапқәа рзеинырҟьеит.  

Беслан Ешба ахәыҷқәа рааӡара азы зхахьы аҭакԥхықәра згаз, ахәыҷқәа аиаҭымра рынмырԥшӡакәа изааӡо абекунцәа хра злоу русура азгәеиҭеит.

«Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ахәыҷқәа рахь агәцаракра аарԥшны гәыблыла иахьышәааӡо азы, шәџьабааи шәыуаҩреи рзы», - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.

Абекун Наталиа Колбаиа, лара дызхылаԥшуа Иракли актәи акласс ахь дцеит, уи аҵара ихшыҩ азцоит, ақалақь ахада иахь аара иара ихәшьара бзиақәа рзы аџьшьара аҳасабала дахәаԥшуеит ҳәа иазгәалҭеит.

Аҳҭнықалақь ахада иԥшӡоу аинсталиациақәа рыла ирхиоу ирацәаны ахәмарратә зонақәа ахьыҟоу Ахақәиҭра Ашҭаҿы игылоу Ашықәсҿыцтәи аԥсаҵла ахь ааԥхьара риҭеит.


Read 197 times - Ахаша, 27 Ԥхынҷкәын 2023 23:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.