АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа Ашықәс Ҿыц рыдылныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа Ашықәс Ҿыц рыдылныҳәалеит, ахәыҷқәа зегьы аҳамҭа хаақәа раналшьеит.

Аелита Ахьиԥҳа дылԥылеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.

«Ишәыдысныҳәаларц сҭахуп иааиуа Ашықәс Ҿыц. Шәара зегьы аныҳәа бзиа ижәбоит. Традициа ҳасабла аиҳабацәа ахәыҷқәа аҳамҭақәа рырҭоит, ирыдныҳәалоит. Убри азы сҭаацәагьы ирҭахуп аҳамҭақәа шәзыҟарҵарц. Исҭахуп иааиуа ашықәс абзиарақәа, агәырӷьарақәа шәзаанагарц. Шәҭаацәа шәылагәырӷьалааит, ачымазарақәа шәаҩсааит. Ҳара, адуцәа, шәара шәзы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит».  Сара шәара зегьы бзиа шәызбоит», - ҳәа илҳәеит Аелита Ахьиԥҳа.

Ашкол  аҵаҩцәагьы аҭак аҳаабала Аелита Ахьиԥҳа Ашықәс Ҿыц лыдырныҳәалеит, иԥшӡаз ашәҭ шьыҵәра ҳамҭас илырҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иԥшәмаԥҳәыс лыхьӡала иара убас ахаа-мыхаақәа рыла еиқәыршәоу аҳамҭақәа рзынашьҭхоит аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа руак, тамшьтәи ашкол, калдахәаратәии очамчыратәии ашкол-интернатқәеи Аҟәатәи алицеи интернати  рахь.

 


Read 105 times - Ахаша, 27 Ԥхынҷкәын 2023 01:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.