Иҟоу азакәан иалагалахо аиҭакрақәа инарықәыршәаны, уажәы ироуа хаҭалатәи атәанчахәқәа 2000 мааҭ рыла иацҵахоит, уи иааидкыланы 12 000 мааҭ алҵуеит.
Аԥсны хаҭалатәи атәанчахәы зауа рахь иаҵанакуеит 104 ҭаацәара, урҭ рахьынтә: атәанчахәқәа зауа акатегориақәа рыла еихшоуп:
73 хаҭалатәи атәанчахәы зауа,
31 зыԥсҭазаара иалҵыз хаҭалатәи атәанчахәы зауаз иҭаацәа.
Азакәан апроект азинмчы аиуеит ажьырныҳәа 1 инаркны. Аԥаразоужьра азԥхьагәаҭоуп 2024 шықәсатәи абиуџьет аҟынтәи.