АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ԥхынҷкәын.2023

Жәлар Реизара-Апарламент «Аруаа рыстатус азы» азакәан аиҭакрақәа аланагалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аруаа рыстатус азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

Ари азакәан аруаа рсоциалтә хьчара азы аҳәынҭқарратә политика шьақәнаргылоит, атәанчахәқәа ршәара аԥҟарақәеи атәанчахәқәа рхышәа-ҵышәеи ашьақәыргыларагьы уахь иналаҵаны:

– аррамаҵзурауаҩ инапынҵақәа анынаигӡоз дҭахазар, ма иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны хымз рышьҭахь иԥсҭазаара далҵзар, иҭаацәа атәанчахәы ацны ирызшәахалоит.

– иара убри аҟара роулоит иузахмырԥо амаҵзура ахысраан ироуз ахәрақәеи аинвалидреи ирыхҟьаны анаҩстәи рырратә маҵзура ацҵаразы алшара змам  атәанчаҩцәа.

Иарбоу акатегориақәа ирыҵанакуа  атәанчаҩцәа ртәанчахәы ахышәа-ҵышәа, «Аруаа рыстатус азы» иҟоу азакәан инақәыршәаны 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  алахәылацәа аинвалидра азы ирызшәахо атәанчахәы ахышәа-ҵышәа аҟынтәи 50 % рҟынӡа инаӡоит.  

Азакәан иалагалахо аиҭакрақәа  хыхь иарбоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы 20% рыла  ашьҭыхра иазырхоуп.   Иара убри ала, иарбоу ҩ-категориак ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ироуло атәанчахәы ахышәа-ҵышәа 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аҿы иҭахаз рҭаацәа ирызшәахо атәанчахәы ахышәа-ҵышәа аҟынтәи 70% рҟынӡа инаӡалоит. 

 

 


Read 114 times - Ахаша, 27 Хәажәкыр 2024 21:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.