АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент «Аинвестициатә еиҩызаразы» азакәан апроект аднакылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аинвестициатә еиҩызаразы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Ари азакәан апроект аинвестициатә еиҩызара аҭышәныртәаларазы азинтә шьаҭақәа раԥҵара иазырхоуп.

Азакәан апроект аинвестициатә усура аицымҩаԥгараан иҷыдоу асубиектқәа ирыбжьарҵо аинвестициатә еиҩызаразы аиқәшаҳаҭра, аиқәшаҳаҭраҿы алахәылацәа ркатегориақәеи анапхгаҩцәа рзинқәеи рҭакԥхықәрақәеи,  абизнес-проектқәа рынагӡаразы гәыԥҩык аинвесторцәа рԥаратә лагалақәа реидкылара алзыршо  иарбоу аиқәшаҳаҭра анагӡареи азинмчы аанкылареи, уҳәа уи аҭагылазаашьақәа ҳәаақәнаҵоит.

Апарламент адепутатцәа иара убас аинвестициатә еиҩызара аҭышәынтәалара иадҳәадлоу егьырҭ азакәаншәҟәынҵақәакгьы аиҭакрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы апарламенттә Еилакы алахәыла Бадрик Ԥлиа.

«Аинвестициатә еиҩызара аҭышәынтәалара аганахьала Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект  Атәылауаҩратә Закәанеидкылеи «Аусӡбара анагӡаразы» азакәани аԥсахрақәа алагалан. Уи «Аинвестициатә еиҩызара азы» азакәан адкыларазы азакәатә шьаҭақәа раԥҵара иазырхоуп», - ҳәа иҳәеит Бадрик  Ԥлиа.

Иара убас Ауаажәларратә Закәанеидкыла аиҩызараз аиқәшаҳаҭра аҷыдарақәа азакәан ишышьақәнарӷәӷәо атәы зҳәо анорма ацҵан.

 


Read 117 times - Ахаша, 27 Ԥхынҷкәын 2023 01:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.