АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ԥхынҷкәын.2023

Кристина Озган Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа шыҟоу далацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озган арадио Sputnik аинтервиу аҭо Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа шыҟоуи абылтәы азымхара ҟалар алшо-алымшо  далацәажәеит.  

Уи лажәақәа рыла, ԥхынҷкәынза 16, 2023 шықәса рзы иҭыҵыз Урыстәыла аиҳабыра Ақәҵара №2180 инақәыршәаны, аилахәыра «Роснефть» Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы аҷыдалкаатә зин аҭоуп.

Аминистр ишазгәалҭаз ала, еиуеиԥшым аилазаарақәа аилаӡарақәа зыбжьарҵаз егьырҭ абылтәыла  аиқәыршәаҩцәа ыҟоуп, урҭ ареспублика ахь анефтьаалыҵқәа рекспорт нарыгӡоит.  

«Уажәазы, Ақәҵара ари анорма аԥкра аланагалоит, уи аилахәыра «Роснефти», уи иаҿыгоу анаплакқәеи рымацара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь абылтәы аагара азин шрымоу азгәанаҭоит. Араҟа ҩ-зҵаарак  цәырҵуеит. Убас ала раԥхьаӡа иргыланы аҭыԥантәи абылтәџьармыкьа алахәылацәа зыргәамҵуа русура аԥкра алагалара ауп», - ҳәа илҳәеит Кристина Озган.

Убри аан лара абылтәы ала аиқәыршәаҩцәа ишиашоу ала аилазаара «Роснефти» дареи аилаӡара рыбжьаҵара шрылшо азгәалҭеит.

«Еилкаатәуп даҽакгьы, абылтәы аагаҩцәа ареспублика аҿы абылтәы аҭаҵәах ыҟазарц азы анефҭаалыҵ ахә заанаҵы иршәахьеит, аалыҵ иахьа-уаҵәы аҳәааҿы иҟалоит. Иҭыҵыз Ақәҵара абылтәы ареспубликахь алагалара аруадаҩуеит, - ҳәа илҳәеит лара.

«Ари азҵаара аҭышәныртәаларазы аекономика Аминистрреи Урыстәыла иашьашәалоу аусбарҭақәеи аусуратә еилацәажәарақәа мҩаԥыргоит. Аминистрра Урыстәылатәи аминистрра иазынанашьҭит еилаӡарала зыхә ршәахьоу абылтәы мҩанызго абылтәаагаҩцәа рзы аинформациа. Ҳгәыӷуеит абри азҵаараҿы ҳаилибакаап ҳәа», - иазгәалҭеит Кристина Озган.

Лара иара убас иазгәалҭеит Аԥсны аекономика иааиԥмырҟьаӡакәа иҟоу аҭагылазаашьа ахылаԥшра шанаҭо, ахархәаҩцәа еиԥҟьарада абылтәы ала реиқәыршәара алыршаразы ихымԥадатәиу абылтәы ацәынхақәа рыҟазаара гәанаҭоит.

«Убри азы абҵара алагамҭазы ҳара абылтәы еилазаарақәа рахь ихымԥадатәиу абылтәы аҭаҵәах рымазарц азы иашьашәалоу азыҳәамҭақәа ҳашьҭит. Иахьазы абензин ацәынха 8 000 тонна рҟынӡа аанханы иҟоуп, адизельтә былтәы - 1,5 нызқь тонна. Ҳара абылтәы азымхара ацәцара ҳалшоит ҳәа агәра ганы ҳаҟоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Кристина Озган.

Уажәы Аминистрра ҳаԥхьаҟа абылтәы азымхара ҟамларц азы еилаӡарала зыхә ршәахьоу абылтәы аагара аҭышәынтәалареи аилаӡара ҿыцқәа рыбжьаҵареи рзы алшарақәа рыԥшаара азы аҽазышәарақәа ҟанаҵоит.

 

 


Read 193 times - Аҩаша, 26 Ԥхынҷкәын 2023 23:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.