Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит иҟанаҵо адырақәа рыла, апарламенттә еилакы ишышьақәнарӷәӷәаз ала: «жәларбжьаратәи азин азеиԥш нормақәа инарықәыршәаны, иара убас лаҵарамза 23, 1969 шықәсазы ирыдыркылаз жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы Вентәи аконвенциа апункт 1, апунтеиҵа «b» инақәыршәаны, ирҽеиу атекст ала (ажәанҵақәа рыцҵақәа) агха змоу атекст («Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыра аҿы иҟоу Аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» амазаратә комплекс Урыстәыла аҭареи уи ахархәашьеи рзы» Аԥсны Аиҳабыреи Урыстәыла Аиҳабыреи рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра ацҵа) ԥсаххоит азинмчы амангьы иԥхьаӡоуп».