АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Ԥхынҷкәын.2023

Ԥхынҷкәынмза 19 рзы – Иԥшьоу Никәала Аџьашьахәрҿиаҩы Имш азгәарҭоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷәынмза 19 рзы адунеи аҿы аишахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа зегьы Иԥшьоу Никәала Аџьашьахәрҿиаҩы, архиепископ  Мир Ликиатәи Имш азгәарҭоит.   Аиашахаҵаратә уахәамақәа зегьы рҿы аныҳәатә нцәаныҳәарақәа мҩаԥысуеит.

Иԥшьоу Никәала Аџьашьахәрҿиаҩы иҭоурых атәы, насгьы ари амш символрас иамоу атәы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама аусбаҩы аб Виссарион (Аԥлиаа).

Уи иажәақәа рыла, иԥшьоу Никәала Аџьашьахәрҿиаҩы  – ари Анцәа игәаԥхо аус иашьҭаз адинҵасқәа ирықәныҟәаны инхоз ацқьа иакәын.  «Иара данымаалақьыз инаркны иан лгәыҳәԥыхш хашалеи хәашалеи иани иаби ахәылԥазтәи аныҳәара анынарыгӡалак ашьҭахь мацара акәын ианидикылоз. Иара иԥсҭазаара зегьы иалагӡаны лаысцқьала ихы ааирԥшуан, иааигәа-сигәа иҟаз ауаа дрыцхраауан, аџьашьахәқәа ирҿион. Иара убас Ацқьа Никәала аҽгәарԥхаҩы ҳәа ишьҭан. Аҽгәарԥхаҩы – Анцәа игәаԥхо ҟазҵо, уи иаанаго аџьашьахә зырҿио иоуп. Уи Анцәа игәаԥхо ҟаиҵоит, уи аџьашьахә ҟалоит ҳәа ауп  иаанагогьы. Дарбанызаалак ауаҩы аџьашьахә дақәшәар иҭахуп жәаҳәарада», –  ҳәа еиҭеиҳәеит Висарион.

Иԥсы ҭанаҵы ацқьа деицырдыруа иҟалахьан ирҿиоз аџьашьахәқәа рыла. Убас иара Мира ақалақь амлакра ӷәӷәа иацәыихьчеит — Анцәа иахь иматанеира ала. Иара иматанеирала аӡы иагоз, иӡааҟәрылоз аӷбақәа ирҭаз амшынуаа дрыцхараауан, ииашамкәа абахҭа иҭакыз рҭыжьра алиршон.

Убасала, ацқьа Никәала Аџьашьахәрҿиаҩы иҟаиҵаз аџьашьахәқәа иреиуоуп иара ауаҩы хҩык иԥҳацәа хаҵа рышьҭраҿы дышицхрааз. Уи атәы зҳәо ажәабжь ыҟоуп. Аб Виссарион ишеиҭаиҳәаз ала, ацқьа игәылара дынхон хаҵак, уи иԥҳацәа ишахәҭоу ала разҟыла реиқәыршәаразы алшара имаӡамызт. Даара игәнигон иара уи.

«Иԥҳацәа хаҵа рышьҭра аамҭа анааи, иара иҟаиҵарыз изымдыруа, аԥара ахьииԥшаарыз  дақәымшәо дықәхеит.  Ацқьа Никәала иакәзар, иара усҟан Анцәа ихьӡала хра злоу аусқәа рымҩаԥгара даҿын. Иҟалаз ахҭыс атәы аниаҳа маӡала ахаҵа иҩны аԥенџьыр ала иаҭахыз аԥара зҭаз амакәан ҩнаижьит. Егьи ари аԥара аниба даара деигәарӷьеит. Убас ацқьа Никәала арҭ ауаа дрыцхрааит. Иара дзыцхырааз ауаҩы ари ҟазҵаз анеиликаа, дындәылҵын Никәала Аџьашьахәрҿиаҩы иҿаԥхьа дшьамхышгылеит».

Иазгәарҭоит, ацқьа Николаи 325 шықәсазы Никеиа ақалақь аҿы имҩаԥысыз Актәи Адунеизегьтәи Иреиҳаӡоу Ақьырсиан-динмаҵзуҩцәа Реизара далахәын ҳәа.  

Уажәы Кьырсатәи Ачгара иахьаамҭоу инамаданы, аб Виссарион зегьы ирабжьеигоит русқәа, рыгәҭакқа, рыкрыфара аҿы излауа ала аҽынкылара аадырԥшларц.

«Инагӡаны еилышәкарц сҭахуп абри зегьы заҭаху. Аԥсҭазаара аԥсрала инҵәаӡом, аԥсҭазаара – ари аԥсра злалаго ауп, аԥсра акәзар – уи иҿыцу аԥсҭазаара алагара ауп. Џьанаҭ гыларҭас иҳаурц ҳҭахызар, ацқьа Николаи Аџьашьахәрҿиаҩы ишыҟаиҵоз еиԥш иԥшьоу аԥҟарақәа зегьы ҳрықәныҟәалароуп», –  ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Ацқьа Никәала Аџьашьахәрҿиаҩы диит 270 шықәсазы ликииатәи ақалақь Патара аҿы. Усҟан уи бырзентәи акалониа акәын. Иахьа уи ҭырқәтәылатәи апровинциақәа Анталиеи Муглеи рҵакырақәа роуп, Патара ахьыҟаз ҳәа ишырыԥхьаӡо Гелемиш аҳабла аҿы ауп. Аԥшьаҩы Никәала иԥсҭазаара далҵит акыр иқәрахь днеихьаны 4-тәи ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы.  Раԥхьатәи аамҭақәа рзы ацқьа имбаауа ицәеижьхәҭақәа  ақалақь Мира Ликиатәи акафедралтә уахәамаҿы ишьҭан. Аха 1087 шықәсазы урҭ рыхәҭак италиатәи ақалақь Бари (Италиа), ацқьа Сҭефан ихьӡала иргылоу ауахәама ахь ииаган.

 

 

 

 

 


Read 161 times - Ахаша, 20 Ԥхынҷкәын 2023 04:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.