Ауаажәларратә Палата алахәыла Омар Џьынџьал «Амшынеиқәафымцамч» ԥыхьатәи адиректор Аслан Басариа агенерациа аргыларазы аԥара абаԥшаатәу ҳәа азҵаара ииҭеит.
Аслан Басариа, аҳәынҭқарра раԥхьа иарбан гану иалнахуа, иарбан хырхарҭоу изныло алнакаароуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара агенерациа ҳаналацәажәо, уи имаҷым афинанстә харџь адагьы, аамҭатә ҳәаакзаара амоуп, амчра аинститутқәа иарбоу апроцесс иалахәхозар ҳәа иазгәаҳҭоит. Агенерациа аҭахуп, жәаҳәарада. Аинвестор иакәзар – ари агәыҳалалра назыгӡо абзиаҟаҵаҩ иакәӡам, иаҳдыруазар ахәҭоуп уи еснагьгьы атариф ашьҭыхра иҽшазишәало», – ҳәа иҳәеит иара.
Аслан Басариа, иарбанызаалак аенергетика афизика азакәанқәеи астандартә нормақәеи ирықәныҟәаны аус ауеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аха ицәырҵуеит абас еиԥш азҵаара: аенергетикатә усхкы ишԥазныҟәатәу ҳәа. Аҳәынҭқарратә хатәра аформа аԥсахреи хазхаҭалатәи аинвестициақәа радԥхьалареи, мамзаргьы аенергетикатә система ихадоу астратегиатә ҟазшьа змоу атәыла аусхкы аҳасабала ахәаԥшра аку иалаҳхуа еилкаатәуп», – ҳәа иҳәеит иара. Аслан Басариа, аенергетика азы иҟоу азакәан аҿы иҿыцу аӡфымцатә станциақәеи афымцастанциақәеи рыргыларазы аинвестициақәа ралагалара азы алшарақәа рыԥкра азԥхьагәаҭаӡам ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аиҳарак ауаажәларра рыҩныҵҟа аимак-аиҿак цәырызгало аинвестициақәа ралагалара азҵаара ауп, даҽакала иуҳәозар, иарбоу аусхкы аҳәынҭқарратә хатәра аформа. Иахьа иҟоу азҵаарақәа ракәзар, афымца ахархәара априборқәа рышьақәыргылара апроцесс - даара ихадоу зҵаараны иҟоуп. Сара сгәаанагарала, анапхгаҩцәа зегьы ари апроцесс арццакра рҽазыршәоит, избан акәзар, афымцамҩангагатә система ахылаԥшра аумҭар, апроблемақәа маҷымкәа ицәырҵуеит», – ҳәа иҳәеит Аслан Басариа.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иахьа араҟа излацәажәо атема ауаажәларра рыҩныҵҟа акыр актуалра аманы иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара зегьы ҳаԥсадгьыл бзиа иаабоит, еилаҳкаауеит аенергетика аҿиара ихадоу алакомотивны ишыҟоуп. Сара сгәаанагарала – иара аҳәынҭқарратәны ишыҟоу иаанхароуп, уи даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәасҭоит. Аха хазхаҭалатәи аинвестициақәа радԥхьалара иара аҳәынҭқарратә хатәра аформа аԥсахрахь иианагоит ҳәа атезис сара сақәшаҳаҭӡам. Иҟоуп аинвестициақәа ралагаларазы еиуеиԥшым аформақәа. Зегьы зыцку аинвестицақәа ралагаларазы, қьырала агара, аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи апартниорра, уҳәа егьырҭ аформақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа рҿы иарбоу аҭагылазаашьақәа роуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Беслан Ешба иара убас абизнес ахаангьы атарифтә план анырра аҭара залшаӡом, урҭ аус адулара рҭахуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Ауаажәларратә Палата алахәыла Асҭамыр Адлеиба Резо Занҭариа Гал ақалақь аҿы аӡылбааҽҽатә Аӡфымцатә станциақәа рҭагылазаашьазы азҵаара иҭеит.
«Аинвестициақәа ралагалара аформақәа еиуеиԥшым. Иахьа уи аекономикала ихымԥадатәиу ахықәкынагӡара ауп. Ҳара аинвестициақәа аҭахуп ҳҳәоит. Ицәырҵуеит даҽа зҵаарак, иҳамада иахьа? Аӡәыр аинвестициақәа ҳадигалома иахьа? Аӡәыр акыр иԥхьаӡахьоума, иахьа ҳазлацәажәо атарифқәа рхышәа-ҵышәа аганахьала? Адунеи атәылақәа зегьы рҿы ача ахәԥса уи аҭыжьра ахаџь ҳасаб азуны аҳәынҭқарра ауп ишьақәзыргыло. Убасҵәҟьоуп ишыҟало абраагьы. Иҟоуп аенергетика аусхкқәа зегьы рыла атарифтә политика ашьақәыргыларазы азинмчы змоу аусбаҭа. Аинвестициақәа мап рыцәкра ахәҭаӡам, зегьы ишахәҭоу ала иахәаԥшны, иахьа урҭ аекономика азы иахьынӡахәарҭоу ҭҵааны аӡбамҭақәа рыдкыларахь ииастәуп. Ахархәаҩ изы зегьы акоуп ихы иаирхәо афымцамч зтәу. Иара изы акыр аҵанакуеит уи ахаҭабзиара ҳаракны ианаамҭоу, еиԥҟьарада иоуларц, убри аан ахәԥсагьы лаҟәызарц. Аинвестор дахьынтәиааз акәӡам аус злоу, иара Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа дрықәныҟәаны аус иуларц ауп аус злоу», – ҳәа иҳәеит иара.
Егрытәи Аӡфымцатә Станциа дазааҭгыло, Резо Занҭариа иҳәеит:
«Иахьа аӡеихыҽҽеи акомплекс зегьи Қырҭтәыла азакәанқәа рыла аус руеит. Ҳара иахьа иаҳҭаху арбан, Қырҭтәыла азакәанқәа рыла аус зуа даҽа генерациақәак, мамзаргьы ҳара ҳхатәы, Аԥсны азакәанқәа рыла аус зуло агенрациа ҳамазар ҳҭаху? Сара апроблема аӡбара абас ала избоит: аҳынҭқарра ишахәҭоу ала зныҟәгара алшо аҳәынҭқарра иазааныжьтәуп, егьирахь, ҳара аинвестициақәа раҳасабала ҳахәаԥшуеит. Сара сгәаанагарала, аӡеихыҽҽа аҳәынҭқарра ахатәы мчыла аиҭашьақәыргылара алымшар, ҳара уи қьырала аҭара мацаразы алшара ҳахәаԥшуеит. Иҟоуп Еилазаарак, 5 – 6 шықәса аахыижьҭеи иарбоу аобиект ахь аинвестициақәа ралагалара здыргало», – ҳәа иҳәеит иара.
Резо Занҭариа иажәақәа рыла, 2014 -2017 шш. рызтәи аусшәҟәқәа рҟынтәи иҟоу адыррақәа рыла, Аӡфымццатә Станциа иалагалатәуп 3 млрд. мааҭ инарзынаԥшуа аинвестициақәа, ахашәалахы шықәсык ала 100 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.
«Ари аҩыза аԥара алазгало аинвестор иоума ҳара иаҳҭаху? Феида ҳауама ҳара уи иҟынтәи? Аинвестициақәа аҭаху иаҭахыму ҳәа азҵаара ықәгылоуп иахьа. Аҳәынҭқарратә хатәра аформа аԥсахра иалацәажәоит. Аӡәы заҵәык иоума нас иахьа зыԥсадгьыл бзиа избо, егьырҭ уи бзиа ирымбаӡои, мамзаргьы ҳара аекономикатә процесс ҳалахуму? Ҳара зегьы ҳаԥсадгьыл бзиа иаабоит, еиԥшны азинқәагьы ҳамазароуп!», – ҳәа иҳәеит иара.
Ауаажәларратә Палата алахәыла Давид Ԥлиа иқәгылараҿы аиҿцәажарақәа рыстол ари апроблема аӡбара иацхраап ҳәа сыҟаӡам, избан акәзар аганқәа зегьы рхатәы интересқәа аԥхьа идыргылоит, ҳәа иазгәеиҭеит.
Ауаажәларратә Палата алахәыла Руслан Ҳашыг, аенергетика аҿы апроблема аӡбаразы ҩ-мҩак ыҟоуп – уи акоррупциа шьаҭанкыла ақәгареи иарбоу азҵаара аполитизациеи роуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Аилатәара актәи ахәҭа иарбоу азхьарԥш ала шәахәаԥш.