АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Ԥхынҷкәын.2023

Ашықәс Ҿыц аламҭалазы аџьармыкьа Хада аҿы ахәқәа зеиԥшроу.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ашықәс Ҿыц – ари иссиру, агәалаҟазаара бзиа зцу аамҭахәҭа адагьы, лассы-лассы ихадоу афатә хқкқәа рыхәԥса ахалара иадҳәалоу аамҭаны иҟалоит. Ашықәсҿыцтәи ачысхкқәак рыҟаҵаразы амарҭхә Аҟәатәи аџьармыкьа аҿы аахәара иартәо атәы анаҩстәи ҳматериал аҿы шәаԥхьар алшоит.

Ари аныҳәа традициала иадыргало ачашә ада ухахьы иузаагаӡом. Уи аҟаҵаразы иаҭахуп аҩнытә ашә, кьылак ашәеилаҵа иахьа  аџьармыкьаҿы иркуеит  750 мааҭ инаркны 900 мааҭ рҟынӡа, аҩнытә кәтаӷьқәа -  200 мааҭ жацырак рзы, ачашыла 200-мааҭ ҩ-кьылак рҟынӡа зҭоу апачка азы.

Зегьы бзиа иаабо ашәишәижьы ӡны, мамзаргьы акәтыжь арашы аҵаҵаны ада ҳазхәарҭоузеи? Арецепт ишаҳәо ала, уи иаҭахуп акакан, иара кьылак иаԥсоуп 500- 700 мааҭ, ирҩоу аххылақәа пакетк рзы  – 50 мааҭ, аџьыка  – 100 граммк рзы  150 -250 мааҭ. Ари ачысхкы аҿы зегьы реиҳа зыхә дуу ашәишәи ауп – кьылак азы 480 мааҭ, уи амыцхәрас знызынла акәты ҟарҵоит, иара еиҳа ахә мариоп – кьылак азы 380 мааҭ шәатәуп.   Зыԥсы ҭоу ашәишәи азы ишәатәхоит 4500 мааҭ, зыԥсы ҭоу акәты азы  – 1000 мааҭ инарзынаԥшуа.  

Зегьы реиҳа Ашықәс Ҿыц иатәу асалатны иԥхьаӡоуп «Оливье». Аклассикатә рецепт ала уи иалалоит акартош  – 40 – 60 мааҭ кьылак азы, аҷых  - 70 мааҭ кьылак азы, анаша –250 – 330 мааҭ кьылак азы, аџьымшьы  – 100 мааҭк кьылак азы,  апетрушка – 15 мааҭ ҿаҳәарак азы, амаионез  - 220 мааҭ, кьылак акәтыжь – 380 мааҭ, знызынла акәтыжь амыцхәрас иарҭоит  аҭубар, мамзаргьы асоиска, урҭ зыхәԥса ҳаракым, кьылак азы 250 мааҭ ҳәа иааухәар ҟалоит.  

Аԥсныпресс акорреспондент иқәгылоу аҭиҩцәа Ашықәс Ҿыц аламҭалазы аџьармыкьа аҿы ахәқәа рышьҭыҵра зыхҟьои ҳәа  дразҵааит.

Акәац зҭиуа Михаил макьаназы акәац аахәаҩцәа маҷуп ҳәа иҳәеит.

«Ауаа ԥыхьеиԥш алшарақәа рымаӡам. Аӡәырҩы уажәы рхатәы проблемақәа рымоуп. Ҵыхәаԥҵәара змам ҳчарақәа, ҳкомпаниақәа, зегьы ишәымдыруеи, иааҳауа аԥарақәа зегьы уи иагоит», - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Аахәаҩцәа руаӡәы илҳәеит лара шықәсык аҩныҵҟа ахәқәа рышьҭыҵра дшашьцылахьоу.

«Аныҳәа аҟынӡа ҩымчыбжь шыбжьоу ахәқәа ӷәӷәала ирызҳаӡом. Иазҳаргьы, уи ҳара ҳапроблема ауп. Ҳара ҳашьцылахьеит, шьҭа иџьаҳшьо ҳәа акгьы ыҟам. Иахьа ахәԥса акуп, уаҵәы уԥшыр зынӡа даҽакуп», – ҳәа лгәаанагара лҳәеит Кәтолынтәи Алиса.

Ашәырқәа зҭиуа Рита ахәқәа аарыхра акыр иадҳәалоуп ҳәа иазгәалҭеит.

«Сынтәа ахәырма даара имаҷын, иҳаҩсыз ашықс иаҿырԥшны уахаԥшуазар. Убри аҟнытә уи ахә иахьа иҳаракуп – кьылак 400 мааҭ иркуеит. Аԥхынра ахәырмарҩа ахә 1000 мааҭ рҟынӡа ихалар ауеит. Лара иара убас иацылҵеит: «Амандаринақәагьы сынтәа рыхәԥса ҳаракуп, кьылак 100 мааҭк иркуеит», -ҳәа илҳәеит лара.

Аҭиҩцәа аӡәырҩы ахәқәа уаҳа иазҳаӡом ҳәа иазгәарҭеит. Аныҳәа мышқәак шыбжьоу хымԥада уи ахьынӡаиашоу гәаҳҭоит Ҽааныбзиала шәнеиааит, ҳаҭыр зқәу ҳаԥхьаҩцәа!.

 

 


Read 234 times - Ахаша, 20 Ԥхынҷкәын 2023 02:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.