АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2023

Атәыла анапхгара ахаҭарнацәа Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа Гәдоуҭа ақалақь аҿы игылоу Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Алахьеиқәҵаратә церемониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ашколхәыҷқәа, ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи ауааԥсыра.

Жәажәижәеиза шықәса раԥхьа, 1992 шықәса, ԥхынҷкәынмза 14 рзы, Амацәаз иҭакыз Ҭҟәарчал ақалақь аҟнытә иаарту агуманитартә коридор ала ицоз Урыстәылатәи аверталиот ақырҭуа қәылаҩцәа еихсны икарыжьит. Аӷа гәымбылџбарала ашәымҭак ала иҭаирхеит 85-ҩык акагьы зхарамыз ауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан ахшара зцәа иалаз ааҩык аҳәсеи 35-ҩык ахәыҷқәеи. Иҭахаз реиҳараҩык  ахеиқәырхаразы, аӷа дзыкәшаны иҟаз Ҭҟәарчал иалҵырц иаҿыз аҭынч уааԥсыра роуп. 

 


Read 246 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 14:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.