АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2023

Лаша Ашәба: «Ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра ашьақәыргылареи ахақәиҭра ҳзаазгаз аиааиреи ирыхҭынҵоу ахааназы хашҭшьа амам!».

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба 1992–1993шш.Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан иҭахаз ахәыҷқәа ргәалашәара иазку амш инамаданы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Ааԥхьара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ҳара иахьа иазгәаҳҭоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан (1992–1993 шш.) иҭахаз ахәыҷқәа ргәалашәара Амш. Ҳара ҳзы ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра ашьақәыргылареи ахақәиҭра ҳзаазгаз аиааиреи ирыхҭынҵоу ахааназы хашҭшьа амаӡам!

Жәажәижәеиза шықәса раԥхьа, 1992 шықәса, ԥхынҷкәынмза 14 рзы, Лаҭа ақыҭан иҟалаз ахҭыс хлымӡаах ҳәажәлар зегьы рцәа иҭанарӡыӡеит. Лаҭатәи атрагедиа - Аԥсны жәлар зегьы имӷьаӡо ахәра рнызҵаз, ахааназы хашьҭшьа змам хҭысуп. Амацәаз иҭакыз Ҭҟәарчал ақалақь аҟнытә иаарту агуманитартә коридор ала ицоз Урыстәылатәи аверталиот ақырҭуа қәылаҩцәа еихсны икарыжьит. Аӷа гәымбылџбарала ашәымҭак ала иҭаирхеит 85-ҩык акагьы зхарамыз ауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан ахшара зцәа иалаз ааҩык аҳәсеи 35-ҩык ахәыҷқәеи. Иҭахаз реиҳараҩык  ахеиқәырхаразы, аӷа дзыкәшаны иҟаз Ҭҟәарчал иалҵырц иаҿыз аҭынч уааԥсыра роуп. Аиԥш зеиԥшыз ацәгьоура ҳҭоурых иаздырӡом. Ари агәымбылџьбара згәаӷьыз ирықәырҵаз агәнаҳа хыхшьа рымам!.

Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи рхьааи ргәырҩеи рыцеиҩаҳшоит, ахачҳареи ргәы камыжькәа ргәырҩа иаиааины ԥхьаҟа аԥсҭазаареи рзеиӷьаҳшьоит.  

Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз ауаа рыхьыӡқәа наунагӡа хашҭра рықәымкәа ианызаауеит иҭахаз рыхьӡала иргылоу абаҟа. Ари  арыцҳареиԥш, ақырҭуа архәҭақәа ҳажәлар зҭадыргылаз агәаҟра ахаангьы ҳгәы  иҭынҵәараны иҟам. Иҭахаз зегьы ргәалашәара наунагӡоуп!»


Read 163 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 14:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.