АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынҷкәын.2023

Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳаби ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы ианууи ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахәыҷы изинқәа рыхьчара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәара иазкын иахьа, ахаша, ԥхынҷкәынмза 13 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы имҩаԥысыз Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьалԥҳаи реиԥылара.  Аиԥылара иара убас лхы алалырхәит ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Иаппарат азиндырҩы Екатерина Лиаховецкаиа.

Жәлар Реизара - Апарламент аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара атемақәа руак ахәыҷра ахьчара аганахьала азакәанԥҵаратә иницативақәа рынагӡара иадҳәалан.

Мактина Џьынџьалԥҳа Лаша Ашәба Аԥсны иқәынхо ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчареи рынхарҭатә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи рзы имҩаԥгаз аусуреи ирҳаз аԥышәеи ртәы изеиҭалҳәеит.

Аиԥылара иалахәыз  Жәлар Реизара-Апарламенти ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Иаппарати анаҩстәи русеицура ацҵаразы еиқәшаҳаҭхеит.


Read 187 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 03:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.