АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апаспорттә Усбарҭа атәылауаҩшәҟәқәеи анхаразы азиншәҟәқәеи рхаҭалатәра иалагеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 12 рзы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апаспорттә Усбарҭа ахаҭалатәра аҟәша амодернизациа хыркәшахеит, аҷыдалкаатә ҟазшьа змоу апринтер-ахаҭалатәгақәа аужьҭра-гәаҭаратә усурақәа рышьҭахь ахархәарахь ирыҭан. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Иарбоу ахархәагақәа аахәан, иара убас апрограмматә модернизациа иахысит Москва ақалақь аҿы иҟоу амаҵ азызуа аилазаара «МЕГАИНФО» атехникатә  плошьадкақәа  рҿы. Уи ашьҭахь, иара амаҵуратә автотранспорт ала Аԥсныҟа иаашьҭын. Иара убас иаахәан аҷыдалкаатә ҟазшьа змоу апринтер-ахаҭалатәгақәа рзы аныхтә материалқәагьы.

Аԥсны атәылауаҩшәҟәи анхаразы азиншәҟәи раиура иазыԥшу атәылауаа иарбоу аусшәҟәқәа раиуразы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апаспорттә Усбарҭа атериториалтә ҟәшеиҵақәа рахь ааԥхьарақәа рыҭалахоит.

 

 


Read 233 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 03:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.