АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынҷкәын.2023

Зҽалызкааз аԥснытәи арҵаҩцәа аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы аорденқәеи аҳаҭыртә хьӡқәа шроуз ала аршаҳаҭгақәеи ранашьахеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 12 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны аҵарадырра Аминистрра  100-ахыҵра аныҳәа азгәарҭеит.  Аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥгахеит С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы. Иара уааҵәҟьа зҽалызкааз аԥснытәи арҵаҩцәа аорденқәеи «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа шроуз ала аршаҳаҭгақәеи ранашьахеит. 

Аҵарадыра асистема аҿиара, Аԥсны еиҵагыло аҿар реиҵааӡаеи аҵара дырҵареи рҿы рлагалеи шықәсырацәа инеиԥынкыланы хра злоу аусуеи рзы – «Ахьӡ-Аԥша» ІІ аҩаӡара аорден ланашьахеит Гагратәи абжьаратәи ашкол №2  аматематика арҵаҩы  Аделаида Леонти-иԥҳа Қаԥба.

«Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара аорденқәа ранашьахеит    Б. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы Нонна Герхьелиа, Е.Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №5 аиҵбыратә классқәа аҵаратә ҟәша аиҳабы Нелли Ҭаркьылԥҳа.   

«Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьахеит 24-ҩык арҵаҩцәа:

Гриценко Светлана Владимир-иԥҳа – Иу.Н. Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 агеографиа арҵаҩы;

Делба Нонна Борис-иԥҳа – Б.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 адиректор;

Конџьариа Нелли Илиа-иԥҳа – К. Инал-иԥа ихьӡ зху Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол № 2 аматематика арҵаҩы;

Кошель Вера Васили-иԥҳа – А.С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аурыс школ № 2 аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы;

Лакоба Аида Арзамеҭ-иԥҳа – Н.А. Лакоба ихьӡ зху абжьаратәи  ашкол № 1 аурыс  бызшәеи алитеатуреи рырҵаҩы;

Уридиа Нана Гиви-иԥҳа – Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ ԥыхьатәи адиректор;

Ҳагба  Елеонора  Михаил-иԥҳа – В.К. Аргәын ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол №2 аматематика арҵаҩы;

Шамба Хьыбла Гиви-иԥҳа  – Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол  № 4 аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы;  

Амҷба Вахтанг Пото-иԥа – Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ;

Закараиа Емма Варлам-иԥҳа  - Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратәи ашкол адиректор;

Ашәба Мадона - Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи Ашьхарыуаа рышкол  №10 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;

Аҩӡба Римма Владимир-иԥҳа – Аацытәи абжьаратәи ашкол аҵара-ааӡаратә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ;

Бараҭелиа Заира Нури-иԥҳа - А. П. Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аурыс школ №14 аԥсуа бызшәа арҵаҩы;  

Габлиа Роза Фираҭ-иԥҳа - Г. А. Алшәындба ихьӡ зху Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол  №1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;

Гәынба Шулиа Шьыгә-иԥа (ԥсрашьҭахь)  – Дәрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол абиологиа ԥыхьатәи арҵаҩы;

Гәынба Славик Ксыс-иԥа – Т. Ш. Аџьба ихьӡ зху Аҷандаратәи абжьаратәи ашкол аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы;

Инаԥшьба  Нанаша Қарбеи-иԥҳа – Е.Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №5 аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы;

Калаиџьиан Елианора Ваграм-иԥҳа – Иашҭхәатәи абжьаратәи ашкол англыз бызшәа арҵаҩы;

Кокосқьериа Емма Золотис-иԥҳа – Г. А. Алшәындба ихьӡ зху Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол  №1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;

Ломиа Наида Шьаликәа-иԥҳа – Е.Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №5  аҵара аҟәша аиҳабы-аметодист;

Сурмава Лариса Ермолаи-иԥҳа – Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи Ашьхарыуаа рышкол  №10 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;

Ҭаркьыл Бела Иван-иԥҳа – Гәдоуҭа ақалақь ахәыҷбаҳча № 1 «Амра» аиҳабы;

Хьециа Изольда Чак-иԥҳа – Е.Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №5 аматематика арҵаҩы;

Шьоуа Џьумка Леварса-иԥа – Маркәылатәи абжьаратәи ашкол абиологиа ԥыхьатәи арҵаҩы.          

 

 

 

 


Read 159 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 03:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.