АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра: апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан, ԥхынҷкәынмза 8 12 рзы ирыԥшааит иагьрымырхит 70 цыра рҟынӡа акриптовалиута арҳара иазку ахархәагақәа.

Аҟәа. Ԥхынукәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра атерриториалтә ҟәшеиҵақа апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан, ԥхынҷкәынмза 8-12 рзы ирыԥшааит иагьрымырхит 70 цыра рҟынӡа акриптовалиута арҳара иазку ахархәагақәа.  

Убас, Гагра ақалақь Абазгаа рымҩала игылоуу аҩны агәраҵа аҿы Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәеи  рыла иԥшаан Ҭарсман Нодар Заканбеи-иԥа итәыз амаининг-аппаратқәа ԥшьба. Ахархәагақәа зегьы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша ашьҭаҵарҭахь инагоуп.

Гагра ақалақь, Лакоба имҩала игылоу аҩны аҭуан аҿы ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа быжьба. Урҭ зегьы абжьыхәаҽыгатә блокқәа ирҭаҵаны ирхиан. Аиқәаршәагақәа зегьы рымхра мҩаԥгоуп, урҭ зтәу ахаҿы еилкааразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

Аа-аппаратк рыла ишьақәгылоу амаининг ферма рыԥшааит Гәдоуҭа араион Хыԥсҭа ақыҭан. Аппаратқәа рыԥшәма Чамагәуа Осман Баҭал-иԥа иоуп. Ахархәагақәа зегьы аԥшәма имхны аамҭалатәи ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.

Аӡҩыбжьа ақыҭан Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи  Аҳәынҭстандарти русзуҩцәа рыцырхырааны имҩаԥыргаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа раан ирыԥшааит 51 цыра акриптовалиута арҳара иазу аппаратқәа. Ахархәагақәа рыԥшәма Аԥшьыцба Исидор Ныгәзар-иԥа иоуп.


Read 224 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 15:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.