АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынҷкәын.2023

Башар Асад арабтә тәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц илшо зегьы шыҟаиҵо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Башар Асад  Шьамтәыла усуратә визитла иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит.  Аиԥылара Дамаск иҟоу ахан «Аль-Мухаджирин» аҟны имҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала Шамтәыла Ахада асалам ииҭеит.

Шьамтәыла Ахада Башар Асад иааиуа ашықәс азы Аԥсны даҭаарц ирҭаз ааԥхьара идикылеит.

Аганқәа Урыстәылатәи Афедерациа Украина  имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда ишадгыло атәы рҳәеит. Иара убас Асади Арӡынбеи Еиду Америкатәи Аштатқәа Ааигәатәи Мрагылара, Кавказнҭыҵ, иара убас адунеи егьырҭ арегионқәа рҿы аконфликтқәа раларгара азы аҽазышәарақәа  рыԥхьырҟәҟәаара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәарҭеит. Аганқәа Урыстәыла еиҳа ииашоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара, аглобалтә економикеи аполитикеи рҿы азинеиҟарареи мчык мацара адҳәаламзаареи рыпринцип ала иҳәаақәҵоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара   азы имҩаԥнаго аусура азгәарҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Башар Асад арабтә тәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц илшо зегьы шыҟаиҵо  азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Иара убасҵәҟьа уи аҵарадырреи, астудентцәа рԥышәеимдареи, аҭҵарадырреи, акультуреи, аспорти рхырхарҭақәа рыла Аԥсни Шьамтәылеи русеицура аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.

Иаралацәажәеит Аԥсни Шьамтәылеи рекономикақәа рыҿиаразы аҳәаанырцәтәи аинвесициақәа радыԥхьалара азҵаарақәагьы.

Ахәҭакахьала Инал Арӡынба Шьамтәыла Ахада  Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аинвесторцәа радыԥхьалареи ҳреспубликаҟны аинвесторцәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵареи иҽазҵәылхны дшашьҭоу атәы изеиҭеиҳәеит. Аԥсуа-шьамтәылатәи агани урыстәылатәии белоруссиатәии аинвесторцәеи дареи русеицура азҵаара иаҵоу актуалрагьы азгәаҭан.

Аганқәа Израиль имҩаԥнаго аполитика, Шьамтәылатәи аҭынчуааԥсыра иахьрылахысуа ӷәӷәала иақәыӡбеит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Еиду Амилаҭқәа Реиҩызара Ашәарҭадаратә Хеилак арезолиуциа (Голантәи аҳаракырақәа  рдеокупациа аганахьала) хымԥада ишықәнаҟәатәу азгәеиҭеит.

Инал Арӡынбеи Башар Асади иара убас сектор Газа аҿы агуманитартә катастрофа  аҟынӡа иназгаз  аколлективтә Мраҭашәара ауснагӡатәқәа ирықәыӡбеит.


Read 225 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 03:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.