АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынҷкәын.2023

Алеқсандр Анкәаб агәырҵлақәа рыхьчара арӷәӷәара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб «2023 шықәсазы ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа амзаҵлақәеи аԥсаҵлақәеи рыхьчара азы ауснагӡатәқәа рырӷәӷәара азы» Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Агәырҵлақәа реиҭаҿиара, рхылаԥшра, рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны, ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа амзаҵлақәеи аԥсаҵлақәеи зинда рыԥҟара рзы ақәиҭымтәра алагалара азы Ақәҵара анагӡара азы:

Абнатә нхамҩа азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа, аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра агәырҵлақәа рыхьчара арӷәӷәареи, Иаку аҳәынҭқарратә абнатә фонд иахьаҵанакуа, апаркқәа, аскверқәа рҿы аԥсаҵлақәа хаҳәатәала аԥҟареи изакәанымкәа рыҭиреи рыԥхьырҟәҟәаареи рзы адҵа рыҭоуп.

Азинеилагаҩцәа рганахьала, Аԥсны азакәанԥҵара иазԥхьагәанаҭо ауснагӡатәқәа рыдкылахоит.

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ԥхынҷкәынмза 8 инаркны ԥхынҷкәынмза 31 аҟынӡа хымш рахь знык еиҵамкәа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи Аԥсныҟа иаагаз адац змам аԥсаҵлақәа рхыԥхьаӡареи иарбоу атауар аазго ахаҿқәеи рзы адыррақәа  рынашьҭра азы адҵа амоуп.

Аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәии ихадоуи аусбарҭақәа, аунитартә наплакқәа, аҳәынҭқарратә наплакқәеи аусбарҭақәеи ирабжьнагоит ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа разгәаҭаразы иԥсабаратәым аԥсаӡқәа ахархәара рырҭарц.

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Ақәҵара анагӡашьа ахылаԥшра рнапы ианҵоуп Аԥсны Абнанхамҩа аҳәынҭқарратә усбарҭа, Аԥсабара ахьчареи аекологиеи рзы Аҳәынҭеилакы, Аԥсныаҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы. 

 


Read 223 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 03:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.