Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан хара имгакәа аспорттә обиект ҿыц – ашьапылампыл-маҷ азы астадион аадыртуеит.
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала, аспорти агәабзиара аиҷаҳарала анхареи рпопулиаризациа хықәкыс иҟаҵаны, Очамчыра арион ақыҭақәа рҿы аспорттә обиектқәа дыргылоит.
Убас иҟоу ақыҭақәа иреиуоуп Ҭхьына ақыҭагьы. Араҟа ахыркәшарахь инеихьеит ашьапылампыл-маҷ азы астадион аргылара.
Ақыҭа ахада Роман Кәыркәнаа иажәақәа рыла, уаанӡа аҭыԥантәи ауааԥсыра аспорт аҽазыҟаҵаразы, ахәҭакахьала ашьапылампыл асразы аҭагылазаашьеи алшареи рымаӡамызт.
Ашьапылампылтә дәы азы иазоужьыз адгьыл аҿы жьҭаарамза аҩшамҭа инаркны аиларҭәаратә усурақәа мҩаԥгоуп, аплошьадка абетон аҭырҭәаара нагӡоуп, атерриториа апланркра ҟаҵоуп.
«Иара убас аӡцарҭақәа ахьыҟаҵаз иабзоураны, ақәаӡы адәы аҿы иҭатәаӡом. Иаанханы иҟоу арлашаратә усуақәеи иԥсабаратәын ақәҵа ашьҭаҵареи мацара ауп», - ҳәа иазгәеиҭеит аилазаара «Очамчыраргылара» аиҳабы Саид Адлеиба.
Ақыҭауаа иҭабуп ҳәа рҳәоит ироуа адгылареи ацхыраареи рзы.
«Иахьа ас еиԥш астадионқәа араҟа адагьы Очамчыра араион егьырҭ ақыҭақәагьы рҿы ҳаԥхьаҟа рыргылара азԥхьагәаҭоуп ҳәа узеигәырӷьаша ажәабжьқәа ҳаҳауеит. Ас еиԥш хра злоу аусқәа ауаа ақыҭа иалҵны ишымцо, ҳара ақыҭауаа аԥеиԥш лаша шҳауо азы агәыӷра узцәырнагоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭхьына ақыҭа ахада Роман Кәыркәнаа.
Ашколхәыҷқәа рыдагьы ари аспорттә обиект, ашьапылампыл-маҷ азы адәы рхы иадырхәар рылшоит ақыҭауаагьы апрофессионалтә командақәагьы.
Ари аобиект аргыларазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьхеит 5,3 млн. мааҭ. Ԥхынҷкәынмза агәазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп.