АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынҷкәын.2023

Аҳәынҭқарра Ахадеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи реиԥлара аҿы аҩныҵҟатәии адәныҟатәи аполитика иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2023 шықәса. Аԥныпресс. Ашәахьа, ԥхынҷкәынмза 11 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи реиԥлара аҿы аҩныҵҟатәии адәныҟатәи аполитика иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша иазгәеиҭеит Ахадеи Апарламенти реиԥылара абҵарамзазы имҩаԥысраны ишыҟаз.

«Сгәы иаанагоит иаарту, иконструктивтәу аицәажәара мҩаԥаҳгап ҳәа. Алшара ыҟоуп ҳгәы иҵхо азҵаарақәа зегьы рықәыргыларазы, иара убас аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика иазку иактуалтәу азҵаарақәа рзы иҟоу агәаанагарақәа ҳаҳаразы», - ҳәа иҳәеит Ашәба Лаша. 

Аиԥылараҟны Аҳәынҭқарра Ахадеи адепутатцәеи рыбжьара имҩаԥысит иаартыз аицәажәара. Ахада адепутатцәа рҿаԥхьа иқәгылараан анагӡаратә мчхара имҩаԥнаго аусуреи раԥхьа иргыланы хымԥада иӡбатәны иқәгылоу ауснагӡатәқәеи дрылацәажәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада далацәажәеит иара убас аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика, ҷыдала хшыҩзышьҭра аиҭеит атәылауаа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбаразы амчхара амахәҭақәа зегьы русеицура шаҭаху атәы.

Аҳәынҭқарра Ахада адепутатцәа ргәаанагарақәа дырзыӡырҩит атемақәа жәпакы инарымаданы, рызҵаарақәагьы рҭакқәа ҟаиҵеит.

Адепутатцәа рԥылараан Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ииасыз 30 шықәса рыла Аԥсны знысыз амҩаҟны ишыҟаз адәахьынтә иаауаз ашәарҭараан ҳажәлар реидгылара инаркны аҩныҵҟаполитикатә хҭысқәа раан урҭ реиҟәшарагьы. «Абри аан зықьҩыла ҳауаажәлар иӡбамкәа иҟоу хыԥхьаӡара рацәала ауадаҩрақәа ирыниоит. Абри иахҟьаны хықәкылатәи ацхыраара иаҳәо идҵаалоит еиуеиԥшым  амчхара аусбарҭақәа рышҟа – Ахада ишҟа, Аԥыза-министр, Апарламент адепутатцәа рышҟа ишаҟаразаалак рыпроблемақәа рыӡбаразы.

Аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩныҵҟала Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа хықәкылатәи ацхырааразы идҵаалахьеит 8700 – ҩык инареиҳаны атәылауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аԥсабаратә рыцҳара ирнаҭаз аԥхасҭа инадҳәаланы ацхыраара, урҭ рыхшара рҵара ахәԥса ахшәааразы,  ӷәӷәала ичмазаҩу рыхәышәтәразы. Абри аамҭа аҩныҵҟа Ахада Ицхыраагӡатә фонди абиуџьети рыҟнытә атәылауаа рыцхыраара иазоужьуп 1 млрд мааҭк инеиҳаны, ҷыдала, 1 040 736 185 мааҭ», - иҳәеит Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны акәша-мыкәша «аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыла еиҳа иҭынчрахеит ԥаса аасҭа» ҳәа.  «Ҭынч анхаразы-анҵыразы, ҳхәыҷқәа рзы ҳгәы ҭынчзарц азы, ҳарцәымшәо ҳаҟазарц азы ар ыҟазароуп, иҟазароуп ар мчы. Иҳамазароуп ҳаамҭазтәи ар, ракеталеи дронлеи еиқәшәоу, Аҳаирхьчара асистема, анышьхьчага аракетақәеи  акатерқәеи; ҳаамҭа иақәшәо еилаҳәоу, еибыҭоу, иазыҟаҵоу асолдаҭцәа рыла ишьақәгылоу ар;   Аԥсны адгьылҵакыра аӷа данақәла ахьчаразы ицәырҵуа ауснагӡатәқәа рыӡбаразы ар, ҳаамҭазтәи техникала, танкла, ҳаирпланла, вертолиотла еиқәыршәоу», - иаҵшьны иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ареспублика алшара шамаз ар абџьарла реибыҭаразы, разыҟаҵаразы ҳастратегиатә ҩыза – Урыстәылатәи Федерациа ацхыраарала, иҟан ажәалагала, иазгәаҭан уи алзыршо аҭагылазаашьақәа, аха иара зыҟамлеит. «Иахьа ари зегьы ҳара иҟаҳҵар акәхеит: ҳара ҳԥарала аҳаирпланқәа ҳарҿыцуеит, ахырӷәӷәарҭа цәаҳәақәа ҳаргылоит, аказармақәа, Арбџьар мчқәа хаҭалатәи аилазаара еиқәҳаршәоит, адронқәа реиԥш иҟоу атехника ааҳхәоит, иҭҳажьуеит.  Рыцҳарас иҟалаз, имҩаԥаҳго ауснагӡатәқәа азхаӡом», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Аԥсны иахьа иҟоу аглобалтә еиҿагылараҟны ахьаа зныруа аҭыԥқәа ируакуп. Мраҭашәара, ЕАА, европатәи атәылақәа Аԥсны адунеи иахәҭакны иахәаԥшыр рҭахӡам. «Урҭ ҳаҳҭнықалақь Қарҭ иҟазар рҭахуп, убас иҟаларц азы итәаӡам, аус руеит. Ари зырҭахугьы УА иҟанаҵаз ҳсуверенитет азхаҵара акгьы шаанамго адунеи иадырбарц азоуп, насгьы Қырҭтәылеиԥш, егьырҭ атәылақәагьы ирарҳәарц рҭахуп апроблемақәа рыӡбара ацаԥха дара рџьыба иҭоуп ҳәа. Ирылшогьы ирылымшогьы ҟарҵоит Аԥсны аҿиара ҟамларц азы»,  - иҳәеит иара, иаҵшьны.

Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала, Аԥсны аполитика ахырхарҭеи ҩызара азызуеи еилкааны, наҟ-ааҟ аҳатыреиқәҵара, асуверенитет азхаҵареи, аидгыларатә интеграциеи шьаҭас измоу адунеи ашьақәгылашьа, ашәарҭадара асистема ҿыц иахәҭакны иҟаларц азы иалшо зегьы ҟанаҵароуп. «Абри ауп ҳара Урыстәыла ҳзадгыло! Абри ауп мзызс ирымоу абас еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа. Аԥсни Урыстәылеи иглобалтәу акризис иахәҭакны иҟалеит. Европа зегьы абри аимак иаланагалеит. Ауаатәҩсатә мчқәа, амазаратә ҵәахқәа, европатәи атәылақәа рмал акаԥсара иалагеит, иагьыкаԥсахьеит,  Иҷыдоу арратә операциа Украина иҵыхәтәантәиу ӷәӷәалатәи аидыслараҟны инеины иҟоуп. Уа имҩаԥысуа ашьаарҵәыратә трагедиа ахыркәшарахь ишнеиз атәы аҳәарагьы аҭахӡам ҳәа сгәы иаанагоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 


Read 105 times - Ахаша, 13 Ԥхынҷкәын 2023 02:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.