АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны 2023 шықәса, 11 мзы рыҩныҵҟа атәанчаҩратә Фонд ала иахыԥхьаӡалоу атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи ацҵақәеи рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд. мааҭ еиҳауп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса алагара инаркны ԥхынҷкәынза 1 аҟынӡа атәанчаҩратә Фонд ала иахыԥхьаӡалоу атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи ацҵақәеи рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд 177,1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаз арбагақәа рааҭа 15,6 млн. мааҭ рыла еиҳауп, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы  Денис Гәылариа.

2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы инагӡаз ашәатәқәа реицҵалыҵ 1 млрд. 161,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон.

«Ҳазҭоу ашықәс, 11 мзы рыҩныҵҟа Атәанчаҩратә Фонд ашәахтә лагалақәа раҳасабала  иалагалахеит 1 млрд 212,9 млн. мааҭ, уи  2022 шықәсазы аасҭа 194,3 млн. мааҭ рыла еиҳауп. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациақәа раҳасабала 2023 - тәи ашықәс азы абиуџьет иарбаз 140 млн. мааҭ рҟынтәи 15 млн. мааҭ ахыԥхьаӡалан, убри аан   2022-тәи ашықәс азы адотациақәа реицҵалыҵ 140 млн. мааҭ рыла ишьақәгылеит» , - иҳәеит Денис Гәлариа.

Ԥхынҷкәынмза 1, 2023 шықәсазы Афонд адыррақәа рыла, зынӡа Аԥсны атәанчахәы роуеит 47 248-ҩык, ари 2 160-ҩык рыла еиҵоуп ҵыԥх аасҭа.

«Атәанчахәы ахь ацҵақәа рзыршәоит 12 706-ҩык, ари 1001-ҩык рыла еиҳауп2022 шықәса аасҭа.

Ԥхынҷкәынмза 1 азы зфинанстәра мҩаԥгаз атәанчахәы ахь ацҵақәа реицҵалыҵ 295,3 млн. мааҭ ҟынӡа инаӡоит, уи  2022 шықәса рзы аасҭа 17,7 млн. мааҭ рыла еиҳауп», – ҳәа иазгәеиҭеит Денис Гәылариа.

Денис Гәлариа иажәақәа рыла, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз зныктәи ашәара ҳәа иазоужьын 27,9 млн мааҭ.Ацҵа зауз ауаа рхыԥхьаӡара 1 394 –ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Иара убас ҳазҭоу ашықәс 11 мзы рыҩныҵҟа зеицҵалыҵ 112,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоз абгаԥсатә лагалақәа рзы ауал – амобилизациа азун. Зынӡа аинкассатә унагӡатәқәа рыла 11 мзы рыҩныҵҟа ирылган – 17,6 млн. мааҭ.

Имыцхәны ишәаз атәанчахәытә шәатәқәаеи ацҵақәеи рхарҭәаара аҳасабала Краснодартәи атәылаҿацә Афедералтә Казначеира Аусбарҭа (Краснодартәи атәылаҿацә ала Урыстәылатәи Афедерациа атәанчаҩратәи асоциалтәи абгаԥса Афонд Аҟәша) ахь ишәаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ – 24,1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

«2024 шықәсазы Атәанчахәытә фонд атәанчаҩцәа ркатегориақәа 11 рзы атәанчахәы иацнаҵоит.

Шықәсык иалагӡаны иаҭаххо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ  – 125,1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Афонд аҿы ашықәс нҵәаанӡа абгаԥсатә лагалақәа ирыцҵахап ҳәа азԥхьагәаҭарақәа ыҟоуп», – ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит Денис  Гәылариа.


Read 191 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 03:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.