АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ԥхынҷкәын.2023

Ансамбль «Гунда» аиубилеи азгәаҭара аҽазыҟанаҵоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Авокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» 45-шықәса ахыҵра азгәаҭара инамаданы Аԥснытәи афилармониа аҿы   аныҳәатә усмҩаԥгатә амҩаԥгара аҽазыҟанаҵоит. Ԥхынҷкәынмза 18 рзы ансамбль «Гәында» аиубилеитә концерт асасцәа ираҳараны иҟоуп еицырдыруа, амилаҭтә инструментқәа рарҳәарала инарыгӡо, ажәлар бзиа ирбахьоу ашәақәа реиԥш, ааигәа иаԥҵаз автортә композициақәеи.  

Еицырдыруа ансамбль аԥҵаҩыс дыҟоуп Роза Расим-иԥҳа Чамагәуа – аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы, Ареспублиа Аԥсны Жәлар рартистка, «Ахьӡ-Аԥша» III-аҩаӡара аорден занашьоу. Иахьа ансамбль аилазаараҿы иҟоуп 15-ҩык аҳәсеи аҭыԥҳацәеи, урҭ рахьынтә фҩык-Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ рыхҵоуп.  

Ианаамҭаз аколлетив аншлагқәа аманы Урыстәыла ахи-аҵыхәеи, Нхыҵ-Кавказ иалсит, иаҭааит Болгариеи Ҭырқәтәылеи. Ансамбль «Гәында» арҿиаратә иааирақәа рхыԥхьаӡараҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит Адунеизегьтәи афестиваль «World Folk», араҟа аҭыԥҳацәа ироуит ахьтәы медал, аҳамҭа «Золотой Орфей», асахьаркыратә напхагаҩы лакәзар – Маестро ҳәа ахьӡ аиура лҽаԥсалтәит.

Ансамбль алахәылацәа ахшыҩзышьҭра ду арҭоит ансамбль Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы имҩаԥнаго аконцертқәа.

Роза Расим-иԥҳа иазгәалҭоит: «Ҳара абжьааԥны иаразнак ҳаужьҭра рҭахӡам, ақыҭауаа ракәзар, урҭ даара ҭабуп ҳәа аҳәара здыруа, апатуқәҵара злоу ахәаԥшцәа роуп. Ашәа ахәра арӷьоит рҳәоит. Саргьы иуадаҩу аҭагылазаашьа ансымоу, сеиқәзырхо сусура ауп, иара убас сыуацәеи исзааигәоу ауааи ансамбль «Гәында» аҟынтәи сыӡӷабцәеи. Сара гәазыҳәарас исымоу? Ажәлар рмузыка, ажәлар ринструментқәа  рыбжьы есымша иқәыҩларц ҳаԥсадгьыл!».

 

 


Read 244 times - Ашәахьа, 11 Ԥхынҷкәын 2023 01:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.