АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны аԥсаҵла Хада аартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 22 рзы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсаҵла Хада аартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә «Мышьҭабзиала» мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 22 рзы Ахақәиҭра Ашҭаҿы.  

«Аԥсаҵла Хада аатра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥаагоит. Сынтәа ҳара еиҳа акшыҩзышьҭра раҳҭоит ахәыҷқәа. Уи инамаданы еиҳахоит ахәыҷтәы усмҩаԥгатәқәа реиԥш аныҳәатә усҩаԥгатәқәа ирылахәхәо рхыԥхьаӡарагьы. Ҳара ааԥхьара раҳҭеит ахәыҷтәы вокалтә студиақәа змоу аестрадатә шәаҳәаҩцәа. Урҭ маҷҩымкәа иҳамоуп. Арҭ астудиақәа ирҭаауеит хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷқәа, урҭ зегьы ашықәсҿыцтәи асценаҿы иқәгылоит. Аныҳәа даара иԥшӡахоит», – ҳәа еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара акультура Аусбарҭа анапхгаҩы Наала Ҳашыг.

Ԥхынҷкәынмза 22 рзы авокалтә студиақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рнаҩс рҟазара ҳдырбоит ахәыҷтәы акәашаратә коллективқәагьы – Аҟәатәи аҟазара Ашкол аҟынтәи бреик-данс агәыԥ, ансамбльқәа «Иаирума», «Абаза», «Кәыдры».

«Ари аконцерт ашьҭахь Едуард Бебиа –ансамбль «Шьараҭын» еицырдыруа анапхгаҩы имоҭа, ихьӡыла  аимпровизациа зцу апрограмма мҩаԥигоит, араҟа изҭаху зегьы аԥсыуала дкәашар илшоит. Иара амилаҭтә кәашара бзиа избо аҿар еизигоит. Уи Аинстаграм аҿы имоуп  акәашара абзиабаҩцәа рфан-клуб. Апрограмма иацзаауеит еицырдыруа иҟалахьоу агәыԥ  «Аԥсны-фолк», иара убас амилаҭтә инструментқәа роркестр», – ҳәа еиҭалҳәеит Наала Ҳашыг.

Ԥхынҷкәынмза 28, асааҭ 13:30 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа иҟоу аплошьад аҿы имҩаԥысуеит акультура Аусбарҭа еиҿнакааз аныҳәатә программа.

Ашықәс Ҿыц ауха, ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәсазы, акультура Аусбарҭа аҿари изҭаху зегьи адискотека ахь ааԥхьара рнаҭоит. Асааҭ 00:30 рзы Аҟәатәи ажәҩан арлашоит Ашықәс ҿыц - 2024 азгәаҭара аҳаҭыр азы аныҳәатә феиерверк. Ахақәиҭра Ашҭаҿы ашьыжьынӡа ади-џьеи имҩаԥиго адискотека, егьырҭ еиуеиԥшым аныҳәатә гәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа ҟалоит.

Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, ашықәсҿыцтәи аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа иара убас аҳҭнықалақь аиланхарҭақәа зегьы рҿы имҩаԥгахоит.

«Сынтәа ашықәсҿыцтәи аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа иара убас имҩаԥысуеит даҽа ҩ-еиланхарҭак рҿы – амикрораион «Депо»,  иара убас Адыгаа рымҩа.  Ари хыԥхьаӡара рацәала ауаа ахьеиланхо ҭыԥқәоуп, ҳара иаҳҭаххеит уаҟа инхо ахәыҷқагьы аныҳәа рзеиҿаҳкаарц. Урҭ ирзыԥшуп ргәы иҭымҵәо, аинтерес зҵоу апрограмма – ахәыҷтәы интерактивтә хәмаррақәа, аҳамҭақәа, афеиерверкқәа», –  ҳәа илҳәеит Наала Ҳашыг.

Аҳҭнықалақь Ахадара акульутра Аусбарҭа ала ахәыҷқәа рзы еиҿкаау арлахҿыхратә ныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит:

Ԥхынҷкәнмза 23 рзы  – Алашарбага аҳабла (абжьаратә школ №8);

Ԥхынҷкәнмза 24 рзы –  Адыгаа рымҩала;

Ԥхынҷкәнмза 25 рзы  – «Турбаза» аҳабла (абжьаратәи ашкол №14);

Ԥхынҷкәнмза 26 рзы – аҳабла «Синоп»  (Аҟәатәи Афизика-техникатә Институт) (СФТИ);

Ԥхынҷкәнмза 27 рзы  – адепо араион;

Ԥхынҷкәнмза 28 рзы – аҳабла «Кинопрокат» (Ахан);

Ԥхынҷкәнмза 29 рзы – Аихамҩатә ҳабла (Ажәытә ҳабла, Аихаҵәырҭа аҿы) (Пиатачок);

Ԥхынҷкәнмза 30 рзы – Аҳабла Ҿыц (апарк аҿы).

Аусмҩаԥгатәқәа зегьы ралагара аамҭа асааҭ 17:00 рзы.

 

 

 

 


Read 167 times - Ашәахьа, 11 Ԥхынҷкәын 2023 01:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.