АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Абҵара.2023

Гагра ақалақь аҿы акоммуналтә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь Гагра ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа рхаҭарнакцәеи Гагра араион ақыҭақәа рхадацәеи алархәны Гагра араион аҿы иҟалаз амшцәгьа инамаданы аҷыдалкаатә еилатәара мҩаԥигеит.

Иаха инаркны ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа зегьы, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Гагра араион ала Аиқәырхара-ԥшааратә отриад, Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа, ирӷәӷәоу арежим ала аусурахь ииаган.  Аԥыԥшратә бригадақәа зегьы аҵых шаанӡа амҩақәа ирнаҳалаз аԥша иканажьыз аҵлақәа рҟынтәи идрыцқьон, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гагра ақалақь Ахадаара апресс-маҵзура.

Шьыжьы инаркны амчқәа зегьы амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа рықәгарахьы идәықәҵан. Аиҳарак ахшыҩзышьҭра аҭан ауааԥсыра ргәабзиара ахьчареи ршәарҭадара аиқәыршәареи.

Аӡхагаларатә станциақәа аӡы ахьрыҵалаз инамаданы, аамҭала аӡрыжәтә ала аиқәыршәара ԥкуп.

Џьара-џьара атрансформатортә станцеиҵақәа аӡы ахьрыҵалаз иахҟьаны, ашәарҭадара аиқәыршәара хықәкыс иҟаҵаны, афымцала аиқәыршәара аамҭала иаанкылоуп. Ақалақь амаҵзурақәа зегьы иахәҭоу анапынҵақәа рыҭоуп. 


Read 241 times - Ашәахьа, 27 Абҵара 2023 17:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.