Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023. Апсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада ихьӡ зхоу Агәыҳалалратә Фонд апроект «Редкие книги об Абхазии» аус адулара еиҿнакаауеит. Ааигәа иҭыҵит актәи аҭыжьымҭа. Уи иалалеит аиҳарак Гагра ақалақь иазку, Урыстәылатәи аимпериа аҿы ареволиуциа ҟалаанӡа иҭыжьыз аброшиурақәеи жә-шәҟәыки.
Иарбоу апроект иалагалоуп шамахамзар џьара ирзымдыруа, уаанӡа иҭыжьымыз, аҭоурыхҭҵааҩцәа реиԥш хыԥхьаӡара рацәала аԥхьаҩцәеи рзы аинтерес зҵоу ашәҟәқәа.
Хара имгакәа аҩбатәи аҭыжьымҭа акьыԥхьра азԥхьагәаҭоуп. Уи иалагалахоит Аҟәа ақалақь иазкны иуникалу аматериалқәа.
«Ари аҭыжьымҭа Анӡор Агәмаа игәалашәара лаша иазкхоит. Иааиуа ашықәсазы акәзар, Афонд еиқәнаршәараны иҟоуп апроект ахԥатәи аизга. Уи Афон Ҿыц иахҳәаахоит, ахәҭакахьала Гиви Смыр изкхоит», – ҳәа илҳәеит Агәыҳалалратә фонд ахантәаҩы ицхырааҩ Анна Керопиан.
Аизгақәа еиқәдыршәеит: Анна Керопиани Алеқсеи Дбари.