АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Абҵара.2023

Аихамҩатә еимадара аамҭала иаанкылоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 26-27 ауха Амшын Еиқәа ацәқәырԥара дууи амшцәгьеи иахҟьаны, аԥшаҳәа иахьаҵанакуа, аиҳарак Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи ааха роуит, Адлер - Хәасҭа рыбжьара аихамҩақәа рҿы афымца ыцәеит, аҵлақәа аихамҩа ианаҳалеит. Иара убас Лазаревскаиа астанциаҿы аихамҩа аӡы иқәнаӡӡәааит. Амшцәгьа Аԥснынӡагьы иааит, аха иҟоу адыррақәа рыла аихамҩа аҿы аҭагылазаашьа уажәазы иҭышәынтәалоуп, уи ааха амоуӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсны Аихамҩа».

Иӷәӷәоу быжьбалк рҟынӡа инаӡо амшынеисра ҟалеит Гагра ақалақь акваториа иахьаҵанакуа. Уи амшын аԥшаҳәа иаҵанакуа аинфраструктура, ӷәала ааха анаҭеит.

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» амаҵзурақәа зегьы аоперативла Гагра араион иахьаҵанакуа ааха аиуразы аихамҩа агәаҭара мҩаԥыргоит.

Аихамҩатә станциа «Ԥырцха» азааигәара аихамҩа иҵырҩыз аҵла анаҳалеит, абригадақәа иарбоу аусчасток дрыцқьахьеит.


Read 217 times - Ашәахьа, 27 Абҵара 2023 22:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.