АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Абҵара.2023

Гагра араион афымцаҳа макьаназы амашәыр зхылҿиааша аҭагылазаашьа амоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гагра араион   афымцаҳа макьаназы амашәыр зхылҿиааша аҭагылазаашьа амоуп.

Пицунда ақалақьи Алаҳӡы аҳаблеи рҿы звольҳараку цәаҳәак-цәаҳәак аҿыхуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч».

Бзыԥ аҳабла аҿы афымцала аиқәыршәара инагӡаны еиҭашьақәыргылоуп.

Гагра араион ахәҭак амшцәгьа иахҟьаны лашарада иаанхеит. Убас, Гагра ақалақь аҿы аҩнқәа рыгәраҵақәа аӡы ахьрыҵалаз иахҟьаны фымцалашарада иаанханы иҟоуп Абазгаа рымҩала игылоу аҩнеихагылақәа.   

«Афымцала аиқәыршәара аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа  ирылагоит аӡы анцалак ашьҭахь Аха макьаназы аԥсабаратә ҭагылазаашьа шыуадаҩу иаанхоит, акырџьара аӡы анеира иаҿуп.

Иара убас афымцаеихшарҭақәа русура аиԥҟьара инамаданы адыррақәа ҳауеит.  Ҩ-фидерк рҭыԥ иқәырҵахьеит, егьырҭ рҿы аусурақәа цоит», - ҳәа иаҳәоит «Амшынеиқәа» иҟанаҵо адырра аҿы. 


Read 221 times - Ашәахьа, 27 Абҵара 2023 16:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.