АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2023

Очамчыра араион абиуџьет аҿы 80 миллион мааҭ рҟынӡа азымхара аарԥшхеит.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа ҳазҭоу 2023-тәи ашықәс, жәымз ирылагӡаны имҩаԥгаз аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Telegram-канал «Очамчыра-информ».

«Ииасуа ашықәс аҿы зегьы реиҳа ихадоу проблеманы иҟоу акамшьиа акра иадҳәалоу асезон иахәҭоу аҩаӡараҿы иахьзыиамсыз ауп. Уи иахҟьаны, Очамчыра араион абиуџьет аҿы 80 миллион мааҭ инарзынаԥшуа азымхара шьақәгылеит»,  –  ҳәа иазгәеиҭеит Очамчыра Администрациа ахада.

Иааизакны, ахырхарҭақәа зегьы рыла арбагақәа реиӷьтәра шыҟоу умбар залшо. Ақалақь аиқәыршәазаара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит, акоммуналтә маҵзурақәа рҭаххрақәа рзы иҷыдоу атехника аахәара алыршоуп.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқа рзы ахатәы ҩнқәа лассы-лассы аӡы рыҵалара зыхҟьоз иахәҭоу аҩаӡаразы аус зымуаз аӡҩаршьҭрақәеи ацрыӡмҩангақәеи рыҭрыцқьаара иазкны мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥгоуп. Араион аҿы аҳаблабжьарамҩақәеи ацҳақәеи реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит, идыргылоит ашьапылампылмаҷ адәқәеи аспорттә плошьадкақәеи.

Анапхгаратә қыҭанхамҩатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ақыҭауаа имаҷымкәа ацхыраара рыҭан.  

«Ахырхарҭақәа зегьы рыла аусурақәа аринахысгьы ирыцҵахоит! Ҳара зегьы ҳамчи ҳалшарақәеи ааидкыланы аус ааур, хымԥада аихьӡарақәа ҳауеит!» - ҳәа иажәахә  аҿы иазгәеиҭеит Беслан  Бигәаа.


Read 144 times - Ашәахьа, 27 Абҵара 2023 16:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.