АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2023

Абҵарамза 29 рзы Шәача ақалақь иахьаҵанакуа аидарамҩангага машьына дуқәа рныҟәара азы аԥкрақәа алагалахоит.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы  апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс, абҵарамза 29, асааҭ 06:00 инаркны 22:00 сааҭ рҟынӡа Шәача ақалақь аҿы амашьынақәа рныҟәара аԥкрақәа алагалахоит.  

Иарбоу аԥкрақәа хә-тоннаки уи инареиҳаны шьҭызхуа аидарамҩангага машьына дуқәа роуп изыдҳәалахо. Уахь иаҵанакуеит иара убас Аԥснынтәи Урыстәылатәи Афедерациахь ицо амашьына дуқәагьы. Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы «хыхь иарбоу аԥрақәа амашьыналасқәеи Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа хазхаҭалатәи ахаҿқәа аҵанакӡом» ҳәа адырра ҟанаҵоит.

«Убри инамаданы, заанаҵы шәныҟәарақәа рмаршрутқәеи раамҭеи азԥхьагәашәҭаларц азы аҳәара ҟаҳҵоит», - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәынҭқарратә ҳазылхзратә Еилакы иҟанаҵо адырраҭара аҿы.

 

 


Read 170 times - Ашәахьа, 27 Абҵара 2023 15:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.