Аԥсеиқәырхаҩцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иаҿуп.
Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023. Апсныпресс. Иӷәӷәоу быжьбалк рҟынӡа инаӡоз амшынеисра ҟалеит Гагра ақалақь акваториа иахьаҵанакуа.
Амшын аԥшаҳәа иаҵанакуа аинфраструктура, ахатәы ҩнқәа ӷәала ааха роуит. Амшын ацәқәырԥара иахҟьаны аӡхагаларатә станциақәеи атрасформатортә станцеиҵақәеи аӡымҩангага хадеи аӡы рыҵалеит.
Гагра ақалақь Аиқәырхара-ԥшааратә Отриад аԥсеиқәырхаҩцәа иҟалаз амшцәҟьа ахҟьаԥҟьақа рықәгара иаҿуп. Ԥыҭҩык ауаа аӡы зҵалаз аҭыԥқәа рҟынтәи ревакуациа мҩаԥгахеит.
Иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра бааԥсы иахҟьаны хәҭакахьала Аҟәа ақалақь аҿы ахатәы ҩнқәак ааха роуит. Ҩыџьа ауаа аӡы зҵалаз аҭыԥқәа рҟынтәи ревакуациа мҩаԥгахеит. Аҳҭнықалақь аҿгьы аԥсеиқәырхаҩцәа иҟалаз амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иазку аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.