АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Абҵара.2023

Лаша Ашәба Дмитри Статеинов иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ажурналист, арежиссиор, УАУ Ажәабжьқәа ркорреспондент Дмитри Статеинов иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

 

Адышшылараҿы иҳәоуп:

 

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рыхьӡала гәалсра дула ҳрыдышшылоит, рхьаа рыцеиҩаҳшоит Дмитри Статеинов иуацәеи иҭынхацәеи, иҩызцәеи, иколлегацәеи.

Акыр шықәса раахыс Дмитри Статеинов иколлегацәа-ажурналистцәеи иареи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысуаз асессиа аилатәарақәа ҭихуан. Иусушьа, ҭакԥхықәрала аус иазнеишьа ала Дмитри Статеинов зегьы дрылуакаауан.

Дмитри, ажурналисттә усура инаваргыланы, деицырдыруа дыҟан акино аҿы хазхҭысқәак рыҟны инаигӡоз арольқәа рылагьы. Иара иҭихит акымкәа адокументалтә фильмқәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазкны.

2012 шықәсазы Сибра иалҵыз Дмитри Статеинов ҳреспубликахь дааит, ара дагьаанхеит Аԥсны бзиа ибаны, Аԥсадгьыл ҿыц аҳасабала идикылеит.

Дмитри Статеинов ахааназы уаҩ бзиак иаҳасабала ҳгәалашәараҿы дыҟазаауеит".

 


Read 209 times - Амҽыша, 26 Абҵара 2023 19:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.