АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2023

Аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа аҿы иааныркылеит закәаншьаҭада Аԥсныҟа зыиагара рҽазыршәоз атауар.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа аҿы иааныркылеит 19 тонна инареиҳаны  закәаншьаҭада Аԥсныҟа зыиагара рҽазыршәоз атауар, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедеациа Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура Аладатәи аҳазылхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Аҳазылхратә гәаҭараан Краснодартәи аҳазылхырҭа иатәу Ганрацәалатәи автомашьынатә Аушьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Адлер» аҿы иаанкылан Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауаз аидарамҩангагатә машьына «MAN”.  Аидара мҩанызгоз аҳазылхратә усбарҭа ахь инеигеит амашьынеи уи иҭаз аидари ирыцыз адокументқәа. Урҭ иарбаз ала, амашьына иақәыз  180 ааҵәа аџьықәреи акәын.

Аха иарбоу аидарамҩангага амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә Комплекс (МИДК) ахархәарала аҳазылхратә гәаҭараан иаарԥшхеит 650 ааҵәа аполимертә хаҳәҷҷа. Уи аидара иацыз аусшәҟәқәа рҿы иарбаӡамызт. Ари аидара азеиԥш капан  19 тонн  иреиҳахеит.

Аҳазылхратә усбарҭа ахь инаган иалганы ирго атауар ахыԥхьаӡареи акапани, уҳәа рзы ииашам арбагақәа зну ақьаадқәа. Уи аҳазылхратә закәанԥҵара аилагара иадҳәалоуп. Аидара аџьармыкьатә хәԥса миллионк инеиҳаны иҟоуп.

Аидара мҩанызгоз иажәақәа рыла, иара аалыҵ ааихәеит Краснодар ашьҭаҵарҭаҿы, Аԥсныҟа дҭацәны дымцарц азы, аха убри аан иааигоз аидара ашәҟәқәа рҿы арбара ихашҭит.

Иарбоу административтә зинеилагаразы афакт ала Краснодартәи аҳазылхырҭа Урыстәылатәи Афедерациа Административтә Зикәанеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 16.2 ахәҭа 1 инақәыршәаны (аҳазатә шәҟәҭагалара иаҵанакуаз атауар азы адырра ахьыҟаҵамыз) азы аусеилыргара хацнаркит. 


Read 376 times - Ахәаша, 24 Абҵара 2023 01:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.