АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2023

Аҳәсеи аҳәсахәыҷқәеи рганахьала амч ахархәара аҿагылара иазку 16-мыш ирҭагӡоу жәларбжьаратәи акампаниа алагоит абҵарамза 25 рзы.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 25 рзы, Жәларбжьаратәи амчмырхара аҿагылара Амш аҽны аусура иалагоит есышықәса еиҿкаахо «Аҳәсеи аҳәсахәыҷқәеи рганахьала амч ахархәара аҿагылара иазку 16-мыш ирҭагӡоу жәларбжьаратәи акампаниа».

Аԥсны аҳәса Рассоциациа ауаажәларра рыҩныҵҟа амчмырхара аҿагылареи иарбоу апроблема разхьарԥшреи иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭаны иамоуп.  

Сынтәа акампаниа амҩаԥгара аҳәаақәа рҭагӡаны, Аԥсны аҳәса Рассоциациа абарҭ аусмҩаԥгатәқәа еиҿнакаауеит:

Абҵарамза 25,  асааҭ 11:00 рзы – Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҿы аиԥхныҩлара мҩаԥысуеит. Аиԥхныҩлара алахәылацәа аҩра иалагоит Ажәанба имҩеи Аԥшаҳәеи реихысырҭа аҟынтәи. Анаҩс урҭ С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҟынӡа иҩуеит.  

Абҵарамза 26, асааҭ 11:00 рзы –  Ҭҟәарчал, Гал, Очамчыра араионқәа рҟынтәи  аҭыԥҳацәа ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы атурнир мҩаԥгахоит. Атурнир мҩаԥысуеит Очамчыра ақалақь Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы.

Абҵарамза 27,  асааҭ  12:00 рзы –  акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы ахыхьчара азы амастер-класс мҩаԥгахоит.

Абҵарамза 27, асааҭ 13:00 рзы – акультура-усуратә платформа аҿы аҭыхымҭа «Аҭаацәа» азы амастер-класс мҩаԥгахоит.  Алахәылацәа – 6 шықәса инаркны 16  шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа.

Абҵарамза 30, асааҭ 16:00 рзы – апсихолог далархәны афильм «Улыбка Моны Лизы» ахәаԥшреи ахцәажәареи. Аусмҩаԥгатә мҩаԥгахоит ацентр «Проспект» аҿы.

Ԥхынҷкәынмза 5, асааҭ 15:00 рзы  – «Женское лидерство» атема ала «воркшоп» ҳәа изышьҭоу аҵара-ԥышәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит. Амҩаԥгара аҭыԥ  - ацентр «Проспект».

Ԥхынҷкәынмза 5, асааҭ  16:00 рзы –  апсихолог далархәны афильм «По половому признаку» ахәаԥшреи ахцәажәареи мҩаԥгахоит. Аусмҩаԥгатә амҩаԥгара аҭыԥ - ацентр «Проспект».

Ԥхынҷкәынмза 6, асааҭ 15:00  рзы –  «Женское лидерство» атема ала «воркшоп» ҳәа изышьҭоу аҵара-ԥышәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит. Амҩаԥгара аҭыԥ  - - Очамчыра-Хаб.

Ԥхынҷкәынмза 8, асааҭ 12:00 рзы  – аусуратә центр «Эверест» аҿы «Аҿиаразы аҳәса Рфонди» «Аԥсны аҳәса Рассоциациеи» еицымҩаԥырго аусмҩаԥгатә – астол гьежь мҩаԥгахоит.  

 

 


Read 471 times - Ахәаша, 24 Абҵара 2023 00:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.