Аҟәа. Абҵаамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Венесуела Ахада Николас Мадуро Иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
«Шәаҳаракыра! Шәира Амш инамаданы Аԥсны жәлар зегьы ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи ишәыдышәкыл гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара.
Шәара шәыԥсҭазаара зегьы шәыжәлар ринтересқәа ирызкуп, гәык-ԥсыкала шәыԥсадгьыл амаҵ азыжәуеит, Венесуела ахаҭа акәзар – аиашара, асоциалтә прогресс, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара рзы иҿырԥшыганы иҟоуп.
«Ҳтәылақәа рыбжьара аилибакааразы Амеморандум ааигәа ҳнапы еицаҵааҩит. Амеморандум ҳидеалқәеи ҳхықәкқәеи ирықәшәоит, ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызара зырӷәӷәо шьаҿоуп. Аԥсны иалшо зегь ҟанаҵоит аҳәынҭқаррабжьаратә усеицуреи анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәеи рынагӡаразы», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Николас Мадуро изеиӷьеишьеит агәабзиара зҩыда, игәҭакқәа рынагӡара, Венесуела ажәлар – аҭынчреи аизҳазыӷьареи.