АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2023

Риҵатәи апарк аҿы афотоцәҟьақәа рыла ашьамстә ԥстәқәа рыҭҵаара мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы ҳаамҭазтәи ацифратә автоматтә камерақәа (афотоцәҟьақәа) рхархәарала афауна аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит. Ашьамстә ԥстәқәа рыҭҵаара 2019 шықәсазы апарк  аекологиатә ҵарадырреи анаукеи рыҟәша аусзуҩцәа Арсҭаа А.В., Арухаа Д.Иа. рнапхгарала ихацыркын.

Ацифратә автоматтә камерақәа рыцхыраарала, 2019 шықәса инаркны  2022 шықәсанӡа Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк афауна амониторинг амҩаԥгарала араҟа рыҟазаара шьақәыргылан жә-хкык рҟынӡа   ашьамстә ԥстәқәа. Афотоцәҟьақәа аԥсабараҿы аԥсаатәқәа рыҟазаара ацклаԥшра азы зегьы реиҳа аеффективра злоу, ҳаамҭа иақәшәо ахархәагақәа роуп, урҭ  аамҭак ала еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иааиԥмырҟьаӡакәа амониторинг амҩаԥгара алнаршоит. Афотоцәҟьақәа Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк аҿы аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи еиуеиԥшым ашықәс аамҭақәа (асезонқәа) раан реизакреи рыиасреи аҭыԥқәа рҿы ишьақәыргылоуп. Алшықәсанык имҩаԥгаз аҭҵаарақәа раан афотоцәҟьақәа ркадрқәа ирнылеит ашьамстә ԥстәқәа, кавказтәи амшәқәеи амшә цәышәшәы ҳәа изышьҭоугьы, абгахәыҷқәа, абынҳәақәа, абнацәқәа, кавказтәи абӷаџьмақәа, аԥслаҳәқәеи  ақәасабқәеи, европатәи ашьабысҭақәа, аашьышьқәа, ацыгәқәа,  аашьарақәа, уҳәа.

Убас, афотоцәҟьақәа ркадрқәа ирнылаз жә-хкык аԥстәқәа рҟынтәи хәба шамахамзар џьара иуԥымло рахь иаҵанакуеит.

Хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, ацифратә автоматтә камерақәа есышықәса еиҭаганы иҿыцу аҭыԥқәа рҿы ишьақәыргылахоит. Аԥхынра дара џьарак игылоуп, аӡынра акәзар - даҽаџьара.  

Иааџьаушьаратәы иҟоуп Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк афауна абеиареи ахкырацәареи. Иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит Ашәҟәы Ҟаԥшь иалагалоу кавказтәи зыжәла бзиоу абнацәи кавказтәи ашьабысҭеи. 


Read 477 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 23:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.