АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2023

Аҟәа иалагеит аҳәса ркомандақәа рыбжьара амҵәышәымпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир “Аиҩызара Ахраҿа”.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы иалагеит аҳәса ркомандақәа рыбжьара амҵәышәымпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир “Аиҩызара Ахраҿа”.

Атурнир зынӡа иалахәуп хә-командак: «РШВСМ», «Гагра», «Аҟәа», «Крылья Абхазии», «Краснодар», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы  Аофициалтә саит.

Абҵарамза 23 рзы имҩаԥысит атурнир аартра иадҳәалоу ацеремониа. Атурнир алахәылацәеи асасцәеи бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иқәгылеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы  Ҭарашь Ҳагба, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы Ельза Ҳагба, атурнир аӡбаҩ Хада Николаи Гушьини Краснодартәи акоманда азыҟаҵаҩ Мариа Гурковеи.

«Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахьӡала зегьы ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи атурнир «Аиҩызара Ахраҿа» аартра. Даара иҭабуп ҳәа расҳәоит краснодартәи акоманда ҳтурнир иахьалахәхо азы. Ишәзеиӷьаҳшьоит зегьы ақәҿиарақәа, насгьы даара аинтерес зҵоу ахәмарра ҳшәырбап ҳәа агәыӷра ҳамоуп», –  ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.

Аицлабрақәа мҩаԥыслоит аикәышаратә истема ала. Урҭ хыркәшахоит абҵарамза 26 рзы. 


Read 444 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 22:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.