АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2023

Изакәанымкәа абџьар аахәареи аҵәахреи амҩангареи рзы игәҩароу Герман Лакәыиа иганахьала ашьаусеилыргара хацыркуп.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гагра араион Гиачрыԥшь аҳаблаҿы инхо, 1995 шықәсазы ииз Лакәыиа Герман Мераб-иԥа иганахьала ашьаусеилыргара хацыркуп. Уи изакәанымкәа ихысуа абџьар аахәареи аҵәахреи амҩангареи рзы дыгәҩароуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Лакәыиа Герман Мераб-иԥа имашьына  Mercedes аҩныҵҟа ирыԥшааит ихысратәы аус еиҭазыдулоу «Макаров» итапанча. Амилициа аусзуҩцәа абџьар изтәыз имырхит.  

Анаҩс имҩаԥгаз аекспертиза ишышьақәныргылаз ала, ари атапанча еибагоит, ахысразы ихиоуп. Ашьаус хацыркуп.

Герман Лакәыиа атәыла дшалымҵуа азы инапы ақьаад иаҵадырҩит.

 


Read 138 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 22:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.