Аҟәа. Абҵарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит ҳтәылаҟны ихадарақәоу аныҳәақәа ируаку Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш!
1994 шықәса абҵарамза 26 рзы ирыдыркылаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аҳәынҭқарра изинтәу аполитикатәи аекономикатәи ҿиара уасхырс иаиуит. Ҳҳәынҭқарра азакәан хада шьақәгылоуп Ҳаԥсадгьыл иахьатәи аԥсҭазаареи уаҵәтәи аԥеиԥши рзы иҳаду аҭакԥхықәрала. Ҳара уи аҵакы еиқәырханы абиԥара ҿыцқәа рызнагара ҳалҳашароуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иахьагьы ԥхьаҟа ацара, ҳтәыла аҿиара астратегиа анагӡара шьаҭас иамоу ауп. Аҳәынҭқарра аргыларазы, аекономика арӷәӷәаразы, ҳтәылауаа социалла реиқәыршәаразы акраҵанакуеит амчхара амахәҭақәа зегьи ҳауаажәлари алархәны аамҭа-аамҭала аконституциатә реформа амҩаԥгара. Аԥсны аизҳазыӷьара алыршахоит ҳаидгыланы атәыла аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбара анҳалҳарша.
Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ҩнаҭала аизҳара, анасыԥ, Ҳаԥсадгьыл Аԥсны ахьӡала шәнапы злаку аусқәа рыҟны аихьӡарақәа!»