АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2023

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра акоманда Беларусиа имҩаԥысраны иҟоу абылрацәыхьчара-хархәаратә спорт азы атурнир рхы аладырхәуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра акоманда Беларусиа имҩаԥысраны иҟоу  абылрацәыхьчара-хархәаратә спорт азы атурнир рхы аладырхәуеит.

Аиқәырхаҩ Имш иазку атурнир мҩаԥысраны иҟоуп ажьырныҳәамза, 2024 шықәсазы Бобруиск ақалақь аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

«Атурнир ааигәатәии инаскьагоуи аҳәаанырцә атәылақәа рҟынтәи алахәылацәа еидныкылоит. Уи аспорт аҿиара, аԥсеиқәырхаратә маҵзурақәа рыбжьара аусеицуреи аилибакаареи рырӷәӷәара иацхраауеит», –  ҳәа иаҳәоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа иахь  Бобруисктәи ақалақьтә Исполком ахантәаҩы Игорь Кисель иҟынтәи иаашьҭыз аофициалтә шәҟәы аҿы.

 


Read 398 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 21:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.