АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2023

Очамчыреи Ҭҟәарчали Гали рраионтә хәышәтәырҭа Хадақәа адизельтә генераторқәа рыла еиқәыршәоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр ахылаԥшырҭа аобиектқәа аӡынра ишазыҟаҵоу атәы далацәажәеит Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқа рҿы анҭыҵтәи аилатәарақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааз араионтә хәышәтәырҭақа рнапхгаҩцәа рԥылара аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Араионтә хәышәтырҭа Хадақәа рнапхгаҩцәа аминистр аӡынра ишазыҟаҵоу азы адырра ирҭеит.

Араионтә хәышәтәырҭақәа рҳақьым Хадацәа иааиԥмырҟьаӡакәа афымцамч ала аиқәыршәара, иҟалар зылшо амшцәгьақәа рзы автопарк ахиара, ашьҭаҵарҭақәа рахь ахәшәқәеи аныхтә маҭәахәқәеи рыдгалара, уҳәа азҵаарақәа  ахылаԥшра арҭоит.

Араионтә хышәтәырҭақәа зегьы рҿы астационартә дизельтә генераторқәа ыҟоуп. Арҭ аиқәыршәагақәа ртехникатә ҭагылазаашьа гәаҭоуп, урҭ ахархәара иазхиоуп. 

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба амедусбарҭақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы есымчыбжь адырра ирҭаларц азы анапынҵақәа ҟаиҵеит.


Read 319 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 20:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.