АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2023

Аҟәа ақалақь Апрокуратура аҿы акоррупциаҿагыларатә закәанԥҵара ақәныҟәара апрокурортә хылаԥшра аҭара иазку азҵаарақәа рзы асеминар мҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Апрокуратура аҿы аҳәынҭқарратә ҿаҵақәеи аахәарақәеи рымҩаԥгараан акоррупциаҿагыларатә закәанԥҵара ақәныҟәара апрокурортә хылаԥшра аҭара иазку азҵаарақәа рзы асеминар мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Аԥсны Апрокуратура Хадеи Урыстәылатәи Афедерациа Апрокуратуреи рыбжьара  2023-2024шш. рзы аусеицура апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Аҟәаҟа иааит Урыстәылатәи Афедерациа абиуџьеттә закәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара азы аҟәша аиҳабы,  аекономика аусхкы аҿы азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара азы аусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Ефимова К.А., абиуџьеттә закәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭаразы аҟәша апрокурор еиҳабы Красицки А.А., аиҿкаара-аналитикатә ҟәша апрокурор еиҳабы Онуфриенко А.В., афедералтә закәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара азы аҟәша апрокурор Горелова А.Д., аиҿкаара-зинтә убарҭа жәларбжьаратәи аусеицура аҟәша апрокурор Ефимова С.А. зеилазаараҿы иҟоу аделегациа.  

Абҵарамза 22 рзы аделегациа алахәылацәеи Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрбеи уи актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниеи реиԥылара мҩаԥысит.  Анаҩс Аҟәа ақалақь Апрокуратура ахыбраҿы аҳәынҭқарратә ҿаҵақәеи аахәарақәеи рымҩаԥгараан акоррупциаҿагыларатә закәанԥҵара ақәныҟәара апрокурортә хылаԥшра аҭара иазку азҵаарақәа рзы асеминар мҩаԥысит.

Асеминар аҿы ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит Аԥсны акоррупциа аҿагылара азы азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшреи азини рзы Апрокуратура Хада аусбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Агрба Е.М., Аԥсны Ареспублика азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара азы Апрокуратура Хада аусбарҭа апрокурор Кобахьиа К.В., иара убас урҭ урыстәылатәи рколлегацәа.

Асеминар рхы аладырхәит Аԥсны Апрокуратура Хада Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аҟәа ақалақь апрокурор,  араионқәа рыпрокурорцәа, урҭ рхаҭыԥуаҩцәеи рыцхырааҩцәеи.   

Асеминар иалахәыз апрокурортә хылаԥшра аҳасабала акоррупциатә зинеилагарақәа ианаамҭоу раарԥшреи рыԥхьырҟәҟәаареи иазку ауснагӡатәқәа ркомплекс, урҭ рыҟалара амзысқәеи аҭагылазаашьақәеи раарԥшреи рықәгареи, иара убас, акоррупциатә ҟазшьа змоу азинеилагарақәа зхарала иҟало ауаа иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны аҭакԥхықәра рыдҵареи рахьырхәреи алыршара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аиԥылара аихшьаалақа рыла, аганқәа хыхь иарбоу аусеицура апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны еффективла аусеицуа ацҵара азы еиқәшаҳаҭхеит.


Read 154 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 14:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.